Аҩӡба еиҭеиҳәеит Аҟәа ахада инапынҵақәа назыгӡо Кан Кәарҷиа идҵақәа шынарыгӡо атәы
"Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Кан Кәарҷиа иҟаиҵаз адҵақәа ируакуп ацҳақәа рыкәша-мыкәша игылоу аҵлақәа рыԥҟара, арыцқьаратә усурақәа рымҩаԥгара. Аҵиаақәа амашьынақәа рынеи-иааира иаԥырхагоуп. Ацҳақәа рҿы ишьақәыргылоу алашарбагақәа аус руӡомызт, урҭгьы ҩаԥхьа еиҭаҟаҵатәуп. Иахьазы Ацҳа ҟаԥшь ашәра иаҿуп, амашьынақәеи ауааи рымҩа ахьеивгоу аҭыԥ аҿы ашьаҟақәа ҭарҭәаны иҟарҵоит, анаҩс аихатә конструкциа шьақәдыргылоит. Ацҳа шкәакәаҿгьы акоммуналтә усбарҭақәа русзуҩцәа арыцқьара иаҿуп иахьантәарак. Аиԥш зеиԥшу арыцқьаратә усурақәа Аҟәа акырџьара имҩаԥысраны иҟоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аҩӡба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.