Аныхеи агәҭыхеи анушьҭоу, мамзаргьы ҳҳәынҭқарратә политиказы зҵаарақәак

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсуа-ақырҭуа ҳәаа
Аԥсуа-ақырҭуа ҳәаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Қырҭтәылеи ҳареи иҳабжьаҳамҵацт аҭынчратә еиқәшаҳаҭра. Урҭ иахьа уажәраанӡагьы Аԥсны архынҳәразы ирымоу агәҭакы анагӡаразы рхы иадырхәо аметодқәеи аԥсуаа ҳҳәынҭқарратә политика ԥсыҽрақәас иаанарԥшуеи ртәы шәаԥхьа Елеонора Коӷониаԥҳа лматериал аҿы.
Аныхеи агәҭыхеи анушьҭоу, мамзаргьы ҳҳәынҭқарратә политиказы зҵаарақәак

Инымҵәаӡо еибашьра ыҟамзар акәхап, аха аԥсуа-ақырҭуа еибашьра рацәакгьы ахыҵуам, макьаназы агрессорцәеи ҳареи официалла еиқәшаҳаҭракгьы ҳамам, аибашьра анцоз ааха иҳарҭаз азы компенсациак ҳшәап ҳәа агәҭакгьы рымам, "аоккупациа зызуу атәыла" ҳәа иҳашьҭоуп 2008 ш. Урыстәыла ҳахьазханаҵаз азы. Бџьарла Аԥсны рнапаҿы ишырзаамгогьы рзымдыркәа иҟам, аха, зегь акоуп, рполитикатә философиа зегь зызку Аԥсны дырҩегьых архынҳәроуп.

Работа Батала Джопуа - Sputnik Аҧсны
Аҳәынҭқарра ахықәкы – ажәлар реиқәырхара ауп

"Еибашьрада Аԥсны Қырҭтәылахь аргьежьра" захьӡу амҩа алырхит ақырҭуа политикцәа ҳаԥсыҽрақәа гәаҭаны, еиҳа зеиҩаӡара мариоу, иуашәшәыроу ахырхарҭақәа алкааны. Зегь раԥхьаӡа иргыланы иазгәасҭарц сҭахуп аибашьра шеилгаз еиԥшҵәҟьа, иацы иҳахьыз ааҳхашҭын, даргьы ҳаргьы џьаргьы ианым ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа шышьҭаҳхыз. Еиуеиԥшым атауарқәа уахь ицоит, арахь иаауеит. Ажәакала, аҳәынҭқарра хашәалахәы азымҭо абжьахәаахәҭра мҩаԥысуеит иааиԥмырҟьаӡакәа.

Ари азымхо, агәабзиара захьӡу ахырхарҭаҿгьы, ҳуааԥсыра рзы иманшәалахаша амҩақәа аадыртуа иалагеит, Қырҭтәыла амаа зку, иара убас дара қьаҳиацәас ирымоу Америкеи Европеи нарыцырхыраааны. Аҵыхәтәантәи аамҭазы Аԥсныи Урыстәылеи рыбжьара аҽыхәшәтәразы аиқәшаҳаҭрақәа шыҟоугьы, амедицинатә ԥгаԥса ҳәа изышьҭоу аус ауазаргьы, зегь акоуп ҳауаажәлар Қырҭтәылатәи аклиникақәа рахь ицоит. Иҟоуп ари амҩа шәарҭам, иамоузеи ауаҩы иахьиҭаху ҽыхәшәтәра дцар ҳәа изыԥхьаӡо, иара убри аан уи хьымӡӷуп ҳара ҳтәылазы ҳәа агәынамӡара знаҭогьы.

Элеонора Когония и Марина Барциц во время войны в Гудауте - Sputnik Аҧсны
Аибашьреи аҭынчреи

Аԥсуаа рдунеихәаԥшышьа ҳазааҭгылозар, рашьа дызшьыз агәыла иахь шылаԥсахра ҳәа инеиуамызт. Сара сгәанала, игәаӷьыуацәоуп ҳауаажәлар ргәабзиара агеноцид ҳзызуаз аҳәынҭқарра анапы анҵара. Аха ауаҩы убас дшоуп, игәабзиара аҳаҭыразы иалихуеит еиҳа иманшәалоу, еиҳа иласу, еиҳа зыхә мариоу амҩа, иҟаз аибашьра хырҩа азуны.

Қырҭтәыла акураторцәеи дареи ихәыцны ирымоуп амедицинатә проект, қәҿиаралагьы инарыгӡоит. Аҳәара сцәыуадаҩуп ҳтәылауаа рахьтә шаҟаҩы уахь ицаны рҽырхәышәтәуа, уи аҩыза аинформациа џьаргьы исзымԥшааит, аха, алымҳаҭасқәа исымоу рыла, рхыԥхьаӡара маҷым иааиԥмырҟьаӡакәагьы уахь ицо.

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра иаҳнаҭо аинформациа ала "шықәсыки бжаки иалагӡаны Урыстәылатәи аклиникақәа рахь аҽыхәышәтәразы ишьҭуп 800-ҩык рҟынӡа ҳтәылауаа". Абарҭқәа рыдагьы, ицәырҵит алшара, Урыстәыла атәылауаҩра змамгьы, уахь ахәышәтәразы рышьҭра.

Акция оппозиции в парламенте Грузии - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Апарламент Қырҭтәыла адепутат иганахь ала ашьаус хацыркызарц адҵа ықәнаргылоит

Схатә ԥышәа салацәажәозар, сыԥшәма аибашьра аветеран игәабзиара иахылаԥшуа аҳақьымцәа иҟарҵаз алкаа ала, Аԥсны анҭыҵ иҷыдоу аклиникаҿы ихьуа ҭҵаатәуп. Қырҭтәылаҟа ацара ҳхахьгьы имааит, Агәабзиарахьчара аминистррахь ашәҟәы алаҳҵан, маҷк иагхазаргьы, иааиуа цәыббрамзазы изыԥшуп Москватәи ахәышәтәырҭақәа руак аҿы.

Хымԥада, аҳәынҭқарра иҳәаақәнаҵозар ауп атәылауаа ргәабзиара ахылаԥшра, ҳаӷацәа рахь имцарц азы, иаарласны ахәышәтәра зҭаху ауаа Урыстәылаҟа, ма даҽа ҳәынҭқаррак ахь рцара аиҿкаара дырласлароуп. Ус акәзаргьы, ари зыҩуа сзы аилкаара уадаҩуп, иҳабашьуаз ҳнапы рымҵакны, шәҳацхраа ҳәа ҳахьцо?! Дара џьаракыр ирҳәама "аԥсуаа, шәҿаԥхьа ахара ду ҳадуп, шәгәабзиара ахарџь ахҭнаҳҵоит" ҳәа. Қырҭтәыла ицаны иаауа зегь ргәабзиара ахьышәҭҳәа иаушьақәгылахуа, шаҟантә иҟалахьоузеи, аибашьра аветеранцәа уа рдунеи рыԥсахны арахь рҭоубыҭқәа анаарго. Аибашьраҿы иҭахаз апоет қәашьда Саида Делԥҳа илымҳәахьази: "Ихынҳәуан аибашьцәа, иззеибашьуаз рхашҭны" ҳәа. Абарҭқәа зегь ҳҳәынҭқарра аполитика ахьысҳара иахҟьоит. Ауаажәларра ракәзар, ирласны иархашҭуа иалагеит Сталин ихаан ирыцҳашьан иҳадаҳкылаз, нас иааҳәны ишаҳҿагылаз.

Даур Ақаҩба - Sputnik Аҧсны
Ақаҩба: ҳшәарҭадара ашьақәырӷәӷәароуп иаҳҭаху

Агәабзиара ахьчаразы адагьы, ақырҭқәа рахь ицоит амаҭәа аахәара, ма ашьапылампыл ахәаԥшразы, ажәакала аиҭанеиааира ҿианы иҟоуп.

Агәабзиара иазку аполитика анаҩсан, ирлас-ырласны иаахәыҵҟьоит аԥсуааи ақырҭқәеи ркультуратә еимадарақәа ртәы. Уажәааигәа ақырҭуа интернет ҵакыраҿы ицәырҵит аԥсуааи ақырҭқәеи "Аныха" захьӡу адокументалтә фильм еицҭырхит ҳәа. Аԥсуааи ақырҭқәеи рызҵаатәқәа рыҭҵааразы ақырҭуа ҭҵаарадырратә усҳәарҭа ахада Зураб Шенгьелиа иҳәоит: "Ари афильм аԥсуаа иҭырхит ҳаргьы ҳалархәны", - ҳәа. Шенгьелиа иажәақәа рыла, афильм ԥсышәала иҟаҵоуп, Қарҭ иддырбоз қырҭшәала асубтитр аман. "Ари аусеицура ақырҭқәа рзы аԥсуа етно-культуратә дунеи аҭҵаара" иазкызаап, Шенгелиа излеиҳәо ала.

Аҳақьыми ачымазаҩи - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла атәылауаҩра змам Аԥсны атәылауаа рҽыхәышәтәра шалыршахо

 

Ақырҭуа информациатә агентрақәак рҟны иуоуа аинформациа маҷым, "Аԥсуааи ҳареи абар 20 шықәса ҵуеит аус еицаҳуеижьҭеи. 50 проект нагӡоуп уи аамҭа иалагӡаны" уҳәа акыр. Азакәан ҳазхьаԥшуазар, иҟалап арҭ апроектқәа рҿаԥхьа имчыдазар, аха иабацеи ԥсышәала зеиҭагара уадаҩу, амораль ҳәа изышьҭоу аилкаара? Шенгьелиа апортал аҿы ишазгәеиҭаз ала, "Аныха" Аҟәа џьара идырбан. Хымԥада ас еиԥш иҟоу апроектқәа хәыда-ԥсадам, ақырҭқәа ирхылаԥшуа аҳәынҭқаррақәа уи азы ахарџь еигӡарымызт, аха ҳара адунеи изаҳарбозеи урҭ рыда "ԥсыхәа шҳамам". Ирлас иаҳхашҭыма ақырҭуа политика иҳахҭнагахьоу?

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахеит зықьҩыла аԥсуа рԥарцәеи аҭыԥҳацәеи. Хыхь ишысҳәахьоу еиԥш, нҵәара зқәым еибашьра ыҟамзар акәхап, аха сара сзы еилкаамкәа инхоит иарбан политикоу Кырҭтәыла аганахь аԥсуа ҳәынҭқарра иахьа имҩаԥнаго? Агәабзиареи, акультуреи - уи аҳәынҭқарратә политика иаҵанамкӡои? Изуалда нас ари алацәажәара, амчраҿы ҽмырба ҟарҵозар, аоппозициеи егьырҭ аветерантә еиҿкаарақәеи "рыла хырҩозар"? Абас еиԥш иҟоу апроектқәа рыла ҳара адунеи иаҳарбоит Қырҭтәыла аҟынтә ҳхьыԥшымкәа аҟаларазы амотивациа ҳамамшәа.

Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны
Згәыхәтәы иахьырмыгӡаз апоет

Сынтәа Аԥсны зиубилеи азгәарҭоз апоет Таиф Аџьба иԥшәмаԥҳәыс Римма Коӷониаԥҳа ақырҭқәа илзаарыцҳаит, хабарда ибжьаӡыз апоет иӡбахә зҳәо адокументалтә фильм ҭырхырц шырҭаху. Апоет иԥҳәыс илзырыҩуаз ашәҟәқәа рҿы аҳәара ҟарҵон азин рылҭарц уи афильм аҭыхразы. Хымԥада дақәшаҳаҭымхеит. Ари ԥсахрахон апоет иҿаԥхьа. Таиф имшынҵа иаԥхьахьо ирдыруеит аибашьра аамҭазы аиааира деигәыӷуа "Ԥшӡала иаҳзырша" ҳәа дышныҳәоз, аха игәыхәтәы дахьырмыгӡеит...

Аҭоурых адаҟьақәа санрызхәыцуа, еилыскаауеит ҳарҭ хара ҳамхәыцра шакәу иаҳԥықәслоз ауадаҩрақәа ҵаҵӷәыс ирымоу. Ас ҳныҟәо ҳалагар, иалшоит 1992 шықәсазтәи аҭагылазаашьахь ҳаиҭакылсыр. Аҭоурых аҵара унамырҵозар, аныхеи агәҭыхеи еснагь иушьҭазаауеит, рхы урдыруа.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит

Ажәабжьқәа зегьы
0