Аибашьреи аҭынчреи

© Фото : предоставлено Элеонорой КогонияЭлеонора Когония и Марина Барциц во время войны в Гудауте
Элеонора Когония и Марина Барциц во время войны в Гудауте - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
26 шықәса раԥхьа излагаз аԥсуа-қырҭуа еибашьра аӡәыкны ҳааиднакылеит аԥсуаа. Иҟаӡамызт даҽа мҩак, ақырҭуа агрессор аҭак иҭатәын, мамзар аҟамзаара амҩа ҳзынхон аҭоурых ду змаз жәларык, ҳәа лгәаанагара лҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Аԥсны аибашьра ианалагоз ԥсшьара сыҟан ашьха саҳәшьаԥҳаи сыжәлантәыки сыцны. Уахь сцаанӡа араҟа аҭагылазаашьа уашәшәыран, иаҳҳәар ауеит аибашьра ацәаара ҳахьыԥшуан ҳәа.

30 сентября 1993 года - Sputnik Аҧсны
Аҟәа ҳшалалаз

Ҳара ҳахьыҟаз Соуиԥсара ҳәа изышьҭаз ашьха ԥшӡаҿы ҳнеижьҭеи ҩымшгьы ҵуамызт, амҩа иаркараны иҟаз ҳааԥсарагьы ҳхамышҭыцкәа ауп аибашьра шыҟалаз шҳаҳаз.

Август 13 руха сахьнышьҭалаз аԥхыӡ збеит Владислав Арӡынба абронежилет ҳәа изышьҭоу ишәызшәа. Ԥхыӡлагьы бзиак ишазҳәамыз снырит, санааԥш саҳәшьаԥҳа ларгьы илбаз аԥхыӡ аасыдылгалеит. Арӡынба ателевизор дҭатәаны алаҳәара ҟаиҵозшәа лбазаап. Ҳҩыџьагьы ҳаԥхыӡқәа анааибаҳҳәа, иҽеим жәабжьк шҳаҳауаз ҳдырит.

Аибашьреи аҭынчреи

Адырхаҽны Соуиԥсара ашәаџьҳәаҩ дхалеит, Охәуреи ҳәа иахьашьҭоу раԥхьаӡа иршьыз руаӡәы иҭынхацәа уаҟа рыԥсы ршьозаарын, убри ила уа иҟаз зегь иааҳаҳаит аибашьра шҵысыз. Иаразнак ҳҽеибыҭаны лбааҟа ҳдәықәлеит.

Аибашьра алагамҭа сара сгәалашәараҿы агәыҭҟьа-ԥсыҭҟьара ацны исымбеит. Ахацәа абџьар иашьҭан, уимоу ирхәыцуа иалагеит артҟәацгақәа.

Военные карикатуры Гарри Дочия - Sputnik Аҧсны
Амш еиқәаҵәа

Кәтолҟа, сҭаацәа рахь санылбаа мышқәак рышьҭахь, ҳқыҭа агәы иалсны игоу амҩаду ақырҭуа танкқәа алсны ицеит, аха Чаарқыҭ ҳәа иахьашьҭоу ианнеи аԥсуа ҷқәынцәа урҭ ирыжәлан иҟәыбаса иқәырҵеит. Абас иалагеит сара сыблақәа рыла аибашьра.

Ақыҭаҿы усҟантәи аамҭазы аҭагалареи аибашьреи еивагыланы имҩасуан, уаҳа даҽа мҩакгьы ыҟамызт. Кәтол сара сыҟан Кәачара ақыҭа ҭадырцәаанӡа.

Урҭ ахҭысқәа ҟалеижьҭеи абар 26 шықәса ҵует, ԥсҭазаара дук ҳахысит уи аахыижьҭеи. Еиҿсырԥшуазар, аибашьра анцоз хҭак ишеицҭаҳаршәуаз еиԥш иҟамзар ҟалап аҭынч ԥсҭазаараҿтәи ҳабзазара. Аибашьраҿы мҩак ауп иҟоу, аӷа иҿагылара- аԥсадгьыл ахьчаразы, анаҩстәи абиԥарақәа реиқәырхаразы. Аҭынч ԥсҭазаараҿы, уаха-сахалатәи афилософиа еиҳа аԥыжәара агозар ҟалап. Аибашьра аамҭазтәи ахҭысқәа санрызхәыцуа, акыр сгәы аздууп аԥсуа еибашьцәа ргәымшәара, уажәтәи аԥсҭазаара акәзар-еиҳарак агәҭынчымра сзаанагоит, избанзар, амилаҭ рполитикатә елита ҳәа изышьҭоу ирылымшаӡеит асоциалтә бзазара бзиа шьақәзыргыло аҳәынҭқарра аргылара.

Исгәалашәоит аибашьра аамҭазы дасу зегьы напынҵак, напынҵак шрымаз, аҭабиа иҭатәаз, ар рхәы зырхиоз, ахәцәа еиқәзырхоз уҳәа зегь акака иаҿын. Хымԥада, иҟоуп аԥсадгьыл ааныжьны ицазгьы, аха ажәлар рӷьырак аӷа иҿагылеит.

Кәтол агәы иалганы игоу амҩаду ианысны ицон афронт иаԥныз ақыҭақәа рҟынтәи ихҵәаны ҩадахьы зхы зырхоз ауаа. Урҭ зегь мҩахыргон амҩан инхоз анхацәа, агәыблра зцыз аицхыраара ду рнубаалон урҭ аизыҟазаашьақәа. Абас акәын, мраҭашәаратәи аганахьгьы ишыҟаз, анхацәа ар рхәы ҭыргон, афронт иацхраауан, ахҵәацәа рыдыркылон.

Ажәакала, аибашьреи аҭынчреи еиԥшым, уимоу, исҳәарц сылшоит аҭынч ԥсҭазаараҿы анхара еиҳагьы иуадаҩуп ҳәа, аибашьра аԥсыҭбара дуқәа шацызгьы.

Таиф Аджба с супругой Риммой Когония - Sputnik Аҧсны
Аибашьра иахәхаз аромантик

Аибашьраҿы иҭахаз апоет Саида Делԥҳа илыҩуан "ихынҳәуеит аибашьцәа иззеибашьыз рхашҭны" ҳәа. Апоет хаҭа гәынхәҵысҭала илныруан иҟалаша, мамазар илзырыҩрыз Саида ас еиԥш иҟоу ацәаҳәақәа ахы данаҿагылаз аамҭазы?

Август 14 1992 шықәсазы ҳара ҳҭоурых аҿы инхоит итрагедиатәу хҭысны, аха даҽа ганкахьала август 14 афырхаҵареи агәымшәареи ирымшуп, избанзар, уаԥсҵәык иаҟароу амилаҭ, акыр уааԥсырала иҳаиҳаз ҳарҿагылан ҳаԥсадгьыл ҳахьчеит.

Маҷ аамҭа мцеит, аха макьанагьы иаҳҭаххар иҳалшоит ишақәнагоу ҳахаҵгылар ҳаззеибашьуаз аидеиа хада-набыцрак злам аԥсуа ҳәынҭқарра аргылара.

P. S. Абар акыр аамҭа ҵуеит абас еиԥш иҟоу амшқәа рзы абаҟақәа рахь ашәҭ шьҭаҵара ацеремониақәа рахь анеира сгәы ахымижьҭеи, раԥхьаӡа иргыланы уахь инеиуа рыбжьара аҳәынҭқарра ҵызшәаауа акоррупциа ахаҭарнакцәагьы, адезертирцәагьы шыҟоу азы сгәы азҩоит, уи уамак исзычҳаум. Убарҭқәа рыдагьы, Таиф Аџьба иҳәан еиԥш, иҭахаз рхы зқәырҵаз ахьчара иреиӷьу баҟоуп, дара рыхьӡала ахаҳә ашьҭаҵара аасҭагьы.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0