Аҳәынҭқарра ахықәкы – ажәлар реиқәырхара ауп

© Foto / Баҭал Џьапуа иусумҭаРабота Батала Джопуа
Работа Батала Джопуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Изеиԥшроуи иахьатәи аԥсуаа рыхдырра, иарбан мҩоу ҳажәлар зну, иаҳхаҳгахьоу аҭоурых ҳаҿыԥшны ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш лашазы иҟаҵатәуи уҳәа ртәы дазааҭгылоит Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиеи антропологиеи рыҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ, ААУ адоцент Марина Барцыцԥҳа.

Адунеи иаҩнаххьоу ажәларқәеи аҳәынҭқаррақәеи, уимоу аимпериақәеи ацивилизациақәеи рацәаӡоуп. Аха иҟоуп адунеи иақәлоуп ззуҳәаша, аамҭа аҭагәаҭасрақәа, аҭоурых амцашоура еибганы иалҵны, иахьанӡагьы иааиз ажәларқәа, аԥсуаагьы урҭ рыбжьара иҟоуп.

Амилаҭ шԥаԥсуа? Ажәларқәа ҭызҵаауа аетнологцәа излардыруа ала, адгьылбжьаха Тасманиа аҟны заҵәык ауп иқәынхоз ажәлар зегьы шьаҭанкыла ишьны иахьындырҵәаз. Егьырҭ ианыӡааз зегьы, иаҳҳәап, аарҩара дук ҟаланы амлакра иахҟьаны ихымҵәар ҟамло, ма чымазара ҿкык зхыԥхьаӡареи зымчи аркәадаз, ма еибашьрала ириааины, иаанхаз ириааиз даҽа милаҭк ирылаӡит.

Шоҭа Арсҭаа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Шоҭа Арсҭаа: аԥсшәа аҿиара иаԥырхагоу аԥсуаа роуп

Ус ауп амилаҭқәа шаныӡаауа - рбызшәа, ркультура, рыԥшәмара, рыхдырра анырцәыӡ. Есымша зыӡбахә ҳҳәо ҳашьцәа аубыхқәагьы ихҵәаны Ҭырқәтәыла ианнеи, рхәыҷқәа рхатәы бызшәала арацәажәара иаҟәымҵыр, рбызшәагьы еиқәханы, ишыжәларыз иахьа 21-тәи ашәышықәсанӡа иааиуан.

Ҳара ҳазхыршьаауаз ҳадгьыл азы акәын, ҳахьаԥсыуааз азы акәын. Ҳаргьы ҳҽыззаҳшьуаз, ҳаԥсадгьыл аҿы ҳаԥсыуаан, ҳаԥшәмара ҳаԥымхарц азы акәын. Абиԥарала рыԥсҭазаара зыхҭнырҵоз ахақәиҭреи аҳәынҭқарреи заҳҭахыз, ҳажәлар адунеи ҳлалаӡ ҳамцарц азы акәын.

Ажәлар, амилаҭ еидызкыло еицырзеиԥшу адгьыл (ҳәынҭқарразар, зеиԥш ыҟам ауп), абызшәа, акультура, еицырхыргахьоу аҭоурых, адин, аҵас, ахдырра роуп. Арҭ руак иадамхаргьы инханы иҟазар, знымзар зны иара ала иурҿыцыр, ихаурҭәаар ҟалоит егьырҭ иагхаз, иацәыӡыз, иаҳҳәап, ауриақәа ишыҟарҵаз еиԥш. Аха иҟоуп ихадоу акы - абарҭ зегьы уманы, аха ухдырра аныҟамла, ухатәы ҟәыншьаны, саԥсыуаӡам ануҳәа аҽны - убасҟан иҭахоит амилаҭ. Ҭамара Шьаҟрылԥҳа илҳәалон: "Ҳаԥсыуаамхар, ара аӡәгьы адгьылгьы ҳақәиҭитәӡом!". Ажәакала, ахдырра анумам, уҳәынҭқаррагьы налаҵаны, узлаҟоу зегьы акы иаԥсам, мап рцәукит ауп.

Ауриацәа еилыркааит дгьылк аҟны еицырзеиԥшу ҳәынҭқаррак еиҿкааны, шамахамзар ирхашҭхьоу бызшәак ала ицәажәо иаламгар ада ԥсыхәа шрымамыз ҩажәатәи ашәышықәсазы. Абра акырӡа аҵанакуеит абызшәатә хдырра.

Ҳагԥҳа: раԥхьа иргыланы ахдырра еизырҳатәуп

Иахьа илаҟәӡоуп ҳбызшәатә хдырра. Иаҳҳәап, иҳацынхо зхатә школгьы, зхатә ҳәынҭқаррагьы џьаргьы измам агырцәеи ацыганцәеи ишынеибаку рхатәы бызшәа рдыруеит. Урҭ рбызшәатә, рмилаҭтә хдырра аҵкьыс ҳара ҳтәы зеиҵахеи, изылаҟәхеи?!

Метин Авидзба - Sputnik Аҧсны
Аҩӡба: иҳагу-иҳабзоу ҳала ихыибамыкшалакәа, бзиа ҳаибабаны ҳаицынхароуп

Шәышықәсеи бжаки раԥхьа еибашьрыла, мчымхарыла ихҵәаны иқәырҵаз ҳажәлар – ҳдиаспора - "аҳәынҭқарра ҳаргылоит, шәааи" ҳәа раҳҳәеит, еиҟәшаны иҟоу ҳажәлар ҳаԥсы адгьыл аҿы ҳаизап, Аԥсны еиқәырхашьа аиуӡом, иныҟәызго ҳмилаҭуаа аныҟамла, ҳҳәеит. Аха иаҳзеиԥшны иаҳзеилоу ҳбызшәеи ҳаԥсуареи роуп. Иахьааиуа ирыдаагалои? Аизыразымреи, мап зцәаҳкуа ҳбызшәеи, зныҟәгара ҳцәыхьанҭахо ҳаԥсуареи ракәымзааит?!

Аҵыхәтәантәи ажәашықәса шамахамзар ииуа ахәыҷқәа аԥсуа-кавказ хьыӡқәа рырҭаӡом. Зегьы ианреиӷьха, ԥсыуала акәашашьа ддырҵоит.

Уаанӡа, ахақәиҭра анҳамамызгьы, "Уаԥсыуаӡами?!" ҳәа зоуҳәаз иҽудишьылон, иахьа ҳашԥаҟоу?

"Уаԥсуара уагымзааит" ҳәа ауаҩы дырныҳәон. Иахьа аԥсуара аныҳәаҿа зынӡагьы ирҳәаӡом, убасгьы ажьрацәара ҳәа шамахамзар иуаҳаӡом, аҿаргьы уи аибаркыра аҵакы рзеилымкаауа инеихьеит...

Аԥсуаа, Анцәа иашьҭахь, аҩбатәи аныҳәаҿа ажәлар рныҳәаҿа - "Ажәлар Анцәа иумырӡын!" - акәын. Иахьа 20 шықәса зхыҵуа шәразҵаар, зегьы иҭахаз, иԥсыз ирызкуп аҩбатәи аныҳәаҿа ҳәа шәарҳәоит. Ирҳәоит даҽакала аныҳәаҿа - "Аԥсны адгьыл ныҳәазааит" ҳәа. Адгьыл жәларда баша ишнышәу ҳзеилымкаауашәа ҳҟалама? Ажәлар рус аԥхьа иҳаргылон. Ажәлар рыхьӡала иӡбаз аус, ажәлар иақәырҵаз хырԥашьа амамызт, даҳазаргьы, дацныҟәар акәын. Владислав Арӡынба ҳ-Парламент Жәлар Реизара ахьӡиҵеит, уи аҳәынҭқаргьы еимырпышьа имамкәа иҟаларазы.

Иахьатәиала, аинтернет аԥсуа сегмент аҟны ҳааҟәымҵӡакәа ҳхы ацәгьаҳәара ҳаҿуп, уигьы урысшәала ауп (атәым милаҭ ирзеилымкаар ҳәа ҳшәоит). Цәгьа баны бзиа амҳәара модахеит. Ҳхы аҳаҭыр ҳамбозар, егьырҭ инаԥшуеи иҳаланхои ҳаҳаҭыр зларбари?!

Аԥсны абыргцәа Рхеилак ахантәаҩ ҿыц Аполлон Шьынқәба. - Sputnik Аҧсны
Аполлон Шьынқәба: азакәанқәа раҵкыс ҳжәытә ҵасқәа ҳрыхьчоит

Ҳаиҟарауааушәа, ҳәоуеиқәымшәақәаны, ҳаҭыр зқәаҳҵо, ҵәык зхьаҳамшьыц уаҩ дҳаламшәа иҟалеит (ажәа аҭакԥхықәра рмоуразы асабрада рҿаҵаны уа иҩуа ирылоуп хымԥада иҳаӷоугьы). Ари ҩнуҵҟала ҳаилазаара ахырбгара амҩа ауп ҳазну.

Имаҷхоит агәреибагара, аизыразра, иҳазкамыжьт Нарҭаа рҟынтә иҳацрымӡааз аиҵашьыцра. Ҳара хыԥхьаӡарала ирацәамыз ажәлар амалуааи амчымхеи реицхыраара, реибааӡара иҳамаз атрадициақәа ҳхашҭуа ҳалагеит. Урҭ зынеиҿамԥшуа атыша ду рыбжьоуп иахьа, уимоу, дара ажәлар ирыцәӷьычны ирымоу-ирыхӡу дырҳазшәа рыԥхьаӡоит абжеиҳан. Ҳазхәыцпи, иахьа аелита ҳәа ззаҳҳәо ҳаиҳабыра роума, амалуаа роума рхәыҷы ааӡара анхаҩы дирҭару, уаанӡа ишҳамаз еиԥш?

Иааидкылан, аиҳабыратә мчқәа, аҳәынҭқарратә институтқәа рыгәрагара амаҷхара иаҿуп. Абас ҳашнеиуа, ҳазныҟәибагаӡом. Аиаша аҳәара ҳаҟәыҵын, аиаша аҳәашьа ҳхашҭит. Ауаҩы иаҳаҭыр баны, ак игны иаҳбаргьы, дламырҟәыкәа, ипату ҳхы иқәҵаны иаҳзымҳәо ҳнеихьеит.

Иҵыхәтәантәихар зылшоз аибашьра хьыӡла аиааира ганы иалҵыз ажәлар иаҵахаз рыпсихологиа рымоушәа иҟамлар акәын.

Анна Сангулия - Sputnik Аҧсны
"Изыԥҵәоу аамҭа": алахьынҵа аԥсуаа ртрадициатә дунеидкылашьаҿы

Иахьатәиала, аколониатә психологиа ауп аиҳабы инаиркны аиҵбы иҟынӡа ҳӷьырак иааҳарԥшуа. Уимоу, ҳнапала ассимилиациатә (алаӡҩаратә) политика ныҟәаҳгошәа ауп ишырбо иҳазҿлымҳау анаԥшцәа.

Анцәа иумҳәан диашахартә аамҭала аԥсуаа ираӷаз Звиад Гамсахурдиа, "Аԥсуаа рбызшәа аиқәырхара акәӡам, аҭыԥқәа, акреслоқәа роуп изышьҭоу", мамзаргьы "иаурысхаразы Қырҭтәыла иаҿагыланы иеибашьуеит" ҳәа аниҳәоз. Ишыҟазаалак, ҳаззеибашьыз ҳхашҭызшәа ҳҟамлар ауп иахьа.

Еибашьрыла аиааира згаз ҳажәлар рыхдырра абанӡакаҳаи?! Аҳәынҭқарратә институтқәа абри ауп хьаас иркша. Ҳиааира иақәнаго аидеологиатә политика аныҟәгара ҳахәҭоуп.

Аҳәынҭқарра ахықәкы – амилаҭ рыхьчара, ажәлар реиқәырхара ауп. Аҳәынҭқарра акәым, ҳажәларра ҳцәеилаҳауа аҟынӡа ҳамнеироуп. Ҳажәларгьы ныҟәаагароуп, иҳаланхогьы ныҟәаагароуп. Миллионла иҟоу, зхатә ҳәынҭқарра змам, уи шәышықәсала иазықәԥо амилаҭқәа ҳаҵашьыцратә аҳәынҭқарра ҳамоуп. Аха ҳҳәынҭқарра заҳҭаху, ахақәиҭра ззаҳҭахыз ҳхықәкы ҳдырыр, уахь ҳназгаша амҩагьы ҳаԥшаауеит.

"Ар маҷ хьӡы ргеит" рҳәон аԥсуаа. Хыԥхьаӡарала уамак ҳрацәаӡамкәа, иахьанӡа ҳаазгаз аҳәоуеиқәшәара, аиаша аҳәара, ак аҟны ааибагара, иҳаиӷьу ҳаԥхьа иргылара, аидгылара ахьҳалшоз акәын. Ари нахысгьы уи ада ԥсыхәа ҳамаӡам. Убасҟан аԥеиԥш бзиа рзыԥшуп ҳажәлари ҳҳәынҭқарреи!

Егьырҭ ирыламҩашьо аԥсуа культура>>

Автор игәаанагареи аредакциа агәаанагареи еиқәымшәар ҟалоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0