Амилициа аиубилеи аламҭалазтәи ахҭысқәа…

© Sputnik / Томас ТхайцукМашина ДПС
Машина ДПС  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.09.2021
Анапаҵаҩра
Абҵарамзазы аԥсуа милициа шәышықәса ахыҵуеит, аха ари аиубилеитә рыцхә аламҭалазы иҟалеит амилициа аусзуҩ ихаҿра зырхәашьуа ахҭысқәа ҳәа агәаанагара лымоуп Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Ҳазҭоу ашықәс абҵарамзазы аԥсуа милициа 100 шықәса ахыҵуеит. Аиубилеи аламҭалазы, иҟалеит амилициа аусуҩ ихаҿра зырхәашьуа ахҭыс, уи раԥхьаӡа акәым ианыҟалазгьы ҳтәылаҿы аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рыхсаала ҳаныԥшыланы иаҳҳәозар.
Амилициа аиубилеи аламҭалазтәи ахҭысқәа…
Ҳтәылаҿы еиԥш, иахьакәзаалакгьы, амилициа зыҟоу ауаажәларра рзинқәа рыхьчара, иара убас, ацәгьоурақәа раԥырҟәҟәаара аус азы ауп. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анеилга ашьҭахь, рашәара 18, 1996 шықәсазы раԥхьатәи Аԥсны ахада Владислав Арӡынба инапы аҵаиҩит "Амилициа азы азакәан", уаанӡа асовет аамҭазтәи азакәанқәа рыла еибаркын аԥсуа милициа аусура. Зыӡбахә сымоу азакәан, уамакгьы асоветтә аамҭазтәи иацәыхарам, уи аԥҵаразы усҟантәи адепутатцәа зқәыԥшылоз ажәытәтәи аԥҟарақәа ракәын. Азакәан ахаҭа аусушьа атәы ҳҳәозар, асовет аамҭазтәи алеишәа акыр иацәыхароушәа снарбоит, аибашьра ашьҭахьтәи амилициа аҟәшақәа русушьа ахҳәаа азызуазар.
Машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.09.2021
Гагра араион амилициа аусзуҩцәа рганахьала ашьаус хацыркуп
Аибашьра анеилга, ҳара игәаҳҭо ҳалагеит абаандаҩцәа абахҭа иҭыҵны абналара шырзымариахаз, уи адагьы, иҟалалоит иара амилициа аусуҩцәа рганахьгьы анапышьҭыхрақәа аныҟало. Иахьа сызлацәажәарц исҭаху, аабыкьа Гагра араион амилициа аусуҩцәа рхамакәачра иазку ахҭыс ауп. Шамахамзар, амилциа аусуҩцәа рганахьала ашьауӷатә ус хацдыркуам, азинеилагарақәа ртәы ныҵыҩ-ааҵыҩны ишҳаҳауагьы. Уи зыхҟьо ааха зауа рзинқәа рыхьчара ианацәшәо, мамзаргьы аӡбарҭаҿы уи аҵыхәтәа иаша аиуеит ҳәа агәра ахьырымго акәзар ауеит.
Гагратәи ахҭыс ахь ҳгьежьуазар, амилициа аусуҩцәа ишакәым изызныҟәаз Урыстәыла атәылауаҩ ихаҭа иоуз ааха ранаижьырц игәы иахьҭам ауп хымԥада, иара Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа рахь ашшыԥхьыӡ алеиҵеит. Ҳазҭоу амза 15 рзы иҳауит аофициалтә информациа "Гагра араион апрокуратура ашьаус хацнаркит Гагра араион ААР амазаратә цәгьоурақәа рыԥшаараз аҟәша аиҳабы, амилициа акапитан Багаҭелиа Х.В., Гагра араион ААР аоперативтә зинмчра змоу, амилициа алеитенант еиҵбы Аншба Т.Р., Гагра араион ААР ацуҭа милициа, амилициа алеитенант еиҵбы Џьалаӷониа Д.И. иара убасгьы зхаҭара шьақәыргылам Гагра араион ААР аусзуҩцәақәак рганахьала", - ҳәа. Ари ажәабжь аиҭаҳәара иԥкааны салагом, аха амилициа аусуҩцәа зыхдырҟьо - Санкт-Петербургынтәи ҳтәыла иаҭааз аԥсшьаҩы Артиом Русских иганахь анапышьҭыхра аҭыԥ ахьамаз, насгьы абџьар ахархәарала дыршәаны ирҭахыз идырҳәарц иахьалагаз ауп.
Абраҟа ҳара ҳазыгьежьроуп "Амилициа азы азакәан" 5- тәи аҳәҭаҷ. Уи ишаҳәо ала, "Амилица аусуҩцәа азин рымам ауаҩы иаҳаҭыр лазырҟәуа амчра ахархәара". Абар даҽазныкгьы иахьаҳбо, ақьаад иану ҳзакәанқәа ахархәара шрымам.
Апрокуратура хада иҳанаҭаз аинформациа ишаҳәо ала, Гагратәи амилициа Русских иаанкылара, иҿахәы иҿыхра аԥҟарақәа рҿы ишаарԥшу акәымкәа, рхы ишҭашәо ишымҩаԥыргаз. Зегь реиҳа иџьашьахәуп, абарҭқәа рыдагьы анаҩс Гагратәи амилициа аусуҩцәа атурист иганахь рхы иақәнадыргаз. Апрокуратура хада асит аҿы ҳаԥхьоит: "Русских Гагра араион иахьаҵанакуа уаҩ дахьыҟамыз ҭыԥк ахь дганы дрыпҟеит" ҳәа. Иагьзакәаным, иагьаԥсыуарам. Аӡәы, ҩыџьа хҩы данырыпҟо, насгьы, дара ауаа рҭынчра ахьчара знапы иану анракәу даара игәаӷьыуацәоу усуп.
Генеральная прокуратура Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.05.2021
Урыстәыла атәылауаҩ Аԥсны Апрокуратура хадахь дашшит амилициа аусзуҩцәа дрыпҟеит ҳәа
Макьаназы еилкаам, атурист гәҩарас дызрымаз "анарктоиткатә маҭәашьарқәа ауаа рыларҵәара" азы идырбалаз, аха гәҩарас ирымоу иганахь, ахалахьырхәра азин шрымам рзымдыруазар акәхап, хыхь зыхьӡ арбоу амилициа аусуҩцәа. Иџьашьахәуп, амилициа аоперативтә ҟәша аусуҩцәа абарҭқәа рзы азин шрымам ахьырзымдыруа. Иаалырҟьаны абас ҟарҵарызма, мамзаргьы уи аҩыза аԥшаарақәа дара рыстиль акәу?! Ииашоуп, ари аус азы макьана аӡбарҭа аӡбамҭа аднакылароуп, уажәоуп ашьауӷатә ус анхацыркха, убри аҟынтә, ахара адҵара ҳара азин ҳамам. Ус акәзаргьы, амилициа аусуҩцәа абри аҩыза аус азы гәҩарас ианрымоу иҳанаҳәо рацәоуп.
Ҳазлацәажәо аус хацнаркит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахатә шәарҭадаратә ҟәша имҩаԥнагаз аилкаарақәа рыла. Аԥсны амилициа азакәан актәи ахәҭаҷ аҿы иарбоуп "Аԥсны амилициа аҳәынҭқарратә усбарҭатә система иаҵанакуа, ауаа рыԥсҭазаара, рзинқәа, ргәабзиара ахьчара" уҳәа ҵҩа змам ауалԥшьақәа шрыду. Закан Нанба асовет аамҭазы, хықәкыла 80-тәи ашықәсқәа рзы аус иуан Гәдоуҭатәи ашьауӷатә-ԥшааратә ҟәша аиҳабыс. Иахьа амилициа аусуҩцәа рхымҩаԥгашьа иадҳәалоу ахҭысқәа рзы иҳәеит, усҟан ари аҩыза ахымҩаԥгашьа ҟалашьа шамамыз. Нанба урҭ аамҭақәа игәаларшәо исеиҳәеит: "Апрокуратура аусуҩцәа ҳашьклаԥшуан, аамҭалатәи аанкыларҭаҿы иҭакыз инеины дгәарҭон, ашәыта инызар, иҭырҵаауан", - ҳәа. Нанба иажәақәа рыла, ауаҩы ӷәӷәала дзыпҟаз, ма иԥсҭазаара далызхыз рганахь, иаразнак ашьауӷатә ус хацдыркуан. Амилициа аветран Нанба сиазҵааит, иахьатәи аамҭазы абас еиԥш иҟоу ахҭысқәа ахьыҟало азы игәаанагара иҳәарц. "Русушьа апрофессионализм ҳәа изышьҭоу иашьашәалам, машәыршәа инанагаз аус руеит", - иҳәеит уаанӡатәи амилициа аусуҩ Нанба.
Патрульные машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2021
Аԥсны ААР иҿаԥнаҽуеит амилициа аусзуҩцәа атурист ддыргәаҟуан ҳәа игәараҵоу аинформациа
Асовет аамҭаз еиԥш иахьагьы, амилициа аусуҩцәа русура хылаԥшра арҭоит апрокуратура аусуҩцәа, уи аарԥшуп амилициа азакәан 33-тәи ахәҭаҷ аҿы. Зыӡбахә ҳамоу аус аӡбарҭа аӡбамҭала гәҩарас иҟоу амилициа усуҩцәа рхара шьақәырӷәӷәахар абахҭа аҭатәара рықәшәар ауеит. Аԥсны апрокурор хада ицхырааҩ, аинформациатә хархәагақәеи апрокуратуреи реимадара иахагылоу Рада Сангәлиа лажәақәа рыла, иаҳҳәап, "уажәы ихацырку ашьауӷатә ус 228-тәи ахәҭаҷ, 3-тәи ахәҭа ала, ахара аус аҿы изықәԥҽуа иоур ауеит хәышықәса инаркны 10 рҟынӡа аҭакра".
Иазгәасҭарц сҭахуп, ари аус гәыԥҩык амилициа еиҿыркааз ишахыԥхьаӡалоу, убри аҟынтә, аӡбарҭаҿы уи анаарԥшха аус еиҳагьы аҽарӷәӷәар алшоит. Иџьбароуп аиашазы ахара зыдҵахо ирԥеиԥшу, аха ԥхынгәымза 11, 2019 шықәсазы Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахыбраҿы, ауаҩӷьычра далахәуп ҳәа гәҩарас ирымаз Анзор Ҭарба амилициа аусуҩцәа рхарала аахақәа иоуз ирыхҟьаны зыԥсҭазаара иалҵыз идҳәалоу ашьауӷатә ус шхыркәшахаз ҳаназхәыцуа агәыҩбарақәа ҳазцәырҵуеит уажәтәи аус шыҟалаша азы. Амилициа аусуҩцәа русбарҭа ахадара азызуа аминистрра ахыбраҿы, цәгьаԥсышьа иҭаны дшьын ауаҩы. Аекспертиза ишаҳәоз ала, ицәеижь ааха ӷәӷәа аман. Аус цон акыраамҭа, аха аӡбарҭаҿы Ҭарба дызшьыз рзышьақәмырӷәӷәеит. Ахара здырҵоз амилициа аусуҩцәа рхы иақәиҭыртәит, аус ҿыц аҭҵаарахьы инашьҭуп абҵара 10, 2020 шықәсазы. Шәазхәыц, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахыбраҿы уахынла иҟалаз ауаҩшьра аӡбарҭаҿы акгьы алымҵызар, уажә ҳазлацәажәо аус азы азинтә хьырхәра ҟало иҟамло аҳәара заҟа иуадаҩу.
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0