Мгәыӡырхәа ақыҭан имҩаԥысыз Леиаа рныҳәара

Анапаҵаҩра
Есышықәса Амшаԥы иашьҭааиуа абыжьбатәи ахашазы имҩаԥыргоит Леиаа рныҳәара. Сынтәа уи рашәара 19 иақәшәеит.

Леиаа рныҳәа ажәытәӡатәи аамҭақәа иргәылган еиқәырханы иааргоит иахьагьы. Ари аныҳәаҿы ихадароу аныхаԥааҩи ачакәаҳацәеи роуп. Аныҳәа амҩаԥгара идлоит шықәсык аҳамӷә зыҩнаҭаҟны иҟоу аԥшәма. Аҳамӷә иацуп ақәаби ачаҟәеи.

Леиаа рныҳәара: быжьҩык аҳәса цқьақәеи аныхаԥааҩи цҳаражҳәаҩцәас измоу - Sputnik Аҧсны
Леиаа рныҳәара: быжьҩык аҳәса цқьақәеи аныхаԥааҩи цҳаражәҳәаҩцәас измоу

Аныхаԥааҩ аныҳәарҭа ҭыԥ аҿы ашьтәақәа ҩба ишьуеит. Урҭ рҟынтәи руакы ауп дзыхныҳәо. Аҭыԥ ахь инеиуа ахацәа заҵәык роуп. Аҳәса агәыи агәаҵәеи "иԥшьоу ачеи" ргьама рбар ҟалаӡом. Ачакәаҳацәа хазы ирзалху аҭыԥ аҿы еидтәалоит. Урҭгьы хазы аныхаԥааҩ дрыхныҳәоит.

Амш зегьы ныҳәак еиԥш имҩаԥыргоит. Аилашәшәымҭаз ашәа ҳәо аҳамӷә шьҭыхны даҽа ҩнаҭак ахь иргоит. Уи уаҟа исаслоит ҳаԥхьа уажәаанынӡа.

Мгәыӡырхәа ақыҭан Леиаа рныҳәара шымҩаԥысыз иазку авидеонҵамҭа шәахәаԥш абра>>

 

© Sputnik / Томас ТхайцукЛеиаа рныҳәаҿы ихадароу аҭыԥ ааныркылоит аныхаԥааҩи быжьҩык ачакәаҳацәеи.
Мгәыӡырхәа ақыҭан имҩаԥысыз Леиаа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
1/18
Леиаа рныҳәаҿы ихадароу аҭыԥ ааныркылоит аныхаԥааҩи быжьҩык ачакәаҳацәеи.
© Sputnik / Томас ТхайцукАчакәаҳацәа агәырӷьа жәабжьқәа еибырҳәоит.
Мгәыӡырхәа ақыҭан имҩаԥысыз Леиаа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
2/18
Ачакәаҳацәа агәырӷьа жәабжьқәа еибырҳәоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАныҳәа зыҟны имҩаԥысуа аԥшәма Захар Леиба иҩнаҭаҿы аҽазыҟаҵарақәа цоит.
Мгәыӡырхәа ақыҭан имҩаԥысыз Леиаа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
3/18
Аныҳәа зыҟны имҩаԥысуа аԥшәма Захар Леиба иҩнаҭаҿы аҽазыҟаҵарақәа цоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАмаҵуцәа абысҭа руеит.
Мгәыӡырхәа ақыҭан имҩаԥысыз Леиаа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
4/18
Амаҵуцәа абысҭа руеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАныҳәарҭа аҭыԥ аҿы ихаланы, аџьмашьтәақәа ирыхныҳәаны иршьуеит.
Мгәыӡырхәа ақыҭан имҩаԥысыз Леиаа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
5/18
Аныҳәарҭа аҭыԥ аҿы ихаланы, аџьмашьтәақәа ирыхныҳәаны иршьуеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАшьтәа аԥсы шҭоу арӷьа шьапала икнарҳауеит.
Мгәыӡырхәа ақыҭан имҩаԥысыз Леиаа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
6/18
Ашьтәа аԥсы шҭоу арӷьа шьапала икнарҳауеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАчакәаҳацәа "иԥшьоу ача" рнапы аларкит.
Мгәыӡырхәа ақыҭан имҩаԥысыз Леиаа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
7/18
Ачакәаҳацәа "иԥшьоу ача" рнапы аларкит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАшылеиқәаҵәа иалху амажәа еизеиҟараны ԥшь-кәакьк змоу аҳамӷә иқәырҵоит.
Мгәыӡырхәа ақыҭан имҩаԥысыз Леиаа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
8/18
Ашылеиқәаҵәа иалху амажәа еизеиҟараны ԥшь-кәакьк змоу аҳамӷә иқәырҵоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАгәылацәа аҩнаҭаҟны иҟарҵо аныҳәатә еишәа ачыс аздырхиоит.
Мгәыӡырхәа ақыҭан имҩаԥысыз Леиаа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
9/18
Агәылацәа аҩнаҭаҟны иҟарҵо аныҳәатә еишәа ачыс аздырхиоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАныҳәа иахәҭакуп ихадароу аԥсуа чысқәа.
Мгәыӡырхәа ақыҭан имҩаԥысыз Леиаа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
10/18
Аныҳәа иахәҭакуп ихадароу аԥсуа чысқәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАилаџь ашә алыҵәҵәа, ибарақьаҭӡа аишәа иқәдыргылоит.
Мгәыӡырхәа ақыҭан имҩаԥысыз Леиаа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
11/18
Аилаџь ашә алыҵәҵәа, ибарақьаҭӡа аишәа иқәдыргылоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҷкәынцәа ҿарацәа "иԥшьоу ача" аӡра иахылаԥшуеит.
Мгәыӡырхәа ақыҭан имҩаԥысыз Леиаа рныҳәара  - Sputnik Аҧсны
12/18
Аҷкәынцәа ҿарацәа "иԥшьоу ача" аӡра иахылаԥшуеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАчакәаҳацәа рзы хазы изыхныҳәаз аӡыс иара аныҳәагатә маҭәарқәа иреиуоу ақәаб иҭаҵаны иржәуеит.
Мгәыӡырхәа ақыҭан имҩаԥысыз Леиаа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
13/18
Ачакәаҳацәа рзы хазы изыхныҳәаз аӡыс иара аныҳәагатә маҭәарқәа иреиуоу ақәаб иҭаҵаны иржәуеит.
© Sputnik / Томас Тхайцук"Иԥшьоу ача" анӡлак ашьҭахь абыӷьқәа ақәхны, ирыцқьан иҟарҵоит.
Мгәыӡырхәа ақыҭан имҩаԥысыз Леиаа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
14/18
"Иԥшьоу ача" анӡлак ашьҭахь абыӷьқәа ақәхны, ирыцқьан иҟарҵоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАныхаԥааҩи быжьҩык ачакәаҳацәеи еиқәныҳәоит.
Мгәыӡырхәа ақыҭан имҩаԥысыз Леиаа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
15/18
Аныхаԥааҩи быжьҩык ачакәаҳацәеи еиқәныҳәоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАныҳәарҭа аҭыԥ ахь инаргаз аҳамӷә иқәу "иԥшьоу ачеи", агәи, агәаҵәеи аныхаԥааҩ дрыхныҳәоит.
Мгәыӡырхәа ақыҭан имҩаԥысыз Леиаа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
16/18
Аныҳәарҭа аҭыԥ ахь инаргаз аҳамӷә иқәу "иԥшьоу ачеи", агәи, агәаҵәеи аныхаԥааҩ дрыхныҳәоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАныҳәарҭа ҭыԥ ахь инеиуа ахацәа заҵәык роуп.
Мгәыӡырхәа ақыҭан имҩаԥысыз Леиаа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
17/18
Аныҳәарҭа ҭыԥ ахь инеиуа ахацәа заҵәык роуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАхацәа зегьы аҭыԥ аҿы ахьа абыӷьқәа нышьҭаҵаны, еидтәаланы акрырфоит. Аахәлаанӡа еицгәырӷьо аамҭа рхыргоит.
Мгәыӡырхәа ақыҭан имҩаԥысыз Леиаа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
18/18
Ахацәа зегьы аҭыԥ аҿы ахьа абыӷьқәа нышьҭаҵаны, еидтәаланы акрырфоит. Аахәлаанӡа еицгәырӷьо аамҭа рхыргоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0