Акоменданттә сааҭи амҩақәа раркреи: Аԥсны акарантин мчыбжьык ахылеит

Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 28 инаркны мшаԥымза 20 рҟынӡа Аԥсны иалагалоуп аҭагылазаашьа ҷыда. Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аркуп атәым милаҭқәа рзеиԥш, атәылауаҩра змам ахаҿқәа рзгьы.

Аԥсны атәылауаа ирылаҳәоуп зда ԥсыхәа ыҟам ак акәымзар, аҩны идәыламҵларц. Атәылаҟны иаркуп аџьармыкьақәа, акаҳуажәырҭақәа, ақьафурҭақәа зегьы. Ауаажәларратә транспорт ныҟәаӡом. Асасааирҭақәеи аԥсшьарҭаҩнқәеи аԥсшьаҩцәа рыдаркылаӡом.

Гал араион акоменданттә сааҭ алагалоуп, Аберқыҭ инхо Нино Хецуриани Жәыргьыҭтәи ахәышәтәырҭа данҭашәа ашьҭахь, лара илыдбалоуп акоронавирус. Ари аԥхәыс лыкәша-мыкәша иҟаз ауаа зегьы акарантин ахь ишьҭуп, дара аӡәгьы ачымазара ҿкы рыдбалам.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра русзуҩцәа агәаҭаратә пунктқәа рҟны аҳақьымцәа гылоуп, ииасуа зегьы ршуора ршәоит.

Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

© Sputnik / Томас ТхайцукХәажәкыра 28 аахыс Аԥсны иалагалоуп аҭагылазаашьа ҷыда.
Администрация города Сухум  - Sputnik Аҧсны
1/11
Хәажәкыра 28 аахыс Аԥсны иалагалоуп аҭагылазаашьа ҷыда.
© Sputnik / Томас ТхайцукАтәылаҿы ирылаҳәоуп акарантин, ауааԥсыра аҩны идәылымҵырц рабжьагоуп.
Амҩа ҭацәы - Sputnik Аҧсны
2/11
Атәылаҿы ирылаҳәоуп акарантин, ауааԥсыра аҩны идәылымҵырц рабжьагоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАмҩадуқәа ҭацәуп.
Аангыларҭа - Sputnik Аҧсны
3/11
Амҩадуқәа ҭацәуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукМшаԥымза 1 инаркны аҳәынҭавтоинспекциа агәаҭаратә пункт "Маҷара" аҟны амашьынаныҟәцаҩцәа ргәаҭара иалагеит.
Маҷаратәи апост - Sputnik Аҧсны
4/11
Мшаԥымза 1 инаркны аҳәынҭавтоинспекциа агәаҭаратә пункт "Маҷара" аҟны амашьынаныҟәцаҩцәа ргәаҭара иалагеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҳақьымцәа амашьына ныҟәцаҩцәеи апассаџьырцәеи ршоура ршәоит.
Гал амилициа апост Канал. Акоронавирус аҟынтәи аҽҭахкаара азона - Sputnik Аҧсны
5/11
Аҳақьымцәа амашьына ныҟәцаҩцәеи апассаџьырцәеи ршоура ршәоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукГал араион акоменданттә сааҭ аларгалеит, Аберқыҭ инхо Нино Хецуриани Жәыргьыҭтәи ахәышәтәырҭа данҭашәа ашьҭахь. Аҳакьымцәа ражәақәа рыла, лара илыдбалоуп ачымазара ҿкы - акоронавирус.
Амилициа апост - Sputnik Аҧсны
6/11
Гал араион акоменданттә сааҭ аларгалеит, Аберқыҭ инхо Нино Хецуриани Жәыргьыҭтәи ахәышәтәырҭа данҭашәа ашьҭахь. Аҳакьымцәа ражәақәа рыла, лара илыдбалоуп ачымазара ҿкы - акоронавирус.
© Sputnik / Акоп Кущян Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Гал араион амҩақәа адыркит.
Гал амилициа апост Канал. Акоронавирус аҟынтәи аҽҭахкаара азона - Sputnik Аҧсны
7/11
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Гал араион амҩақәа адыркит.
© Sputnik / Томас ТхайцукГәылрыԥшь амҩақәа ҭацәуп, ауаа аҩны идәылҵӡом.
Гәылрыԥшь - Sputnik Аҧсны
8/11
Гәылрыԥшь амҩақәа ҭацәуп, ауаа аҩны идәылҵӡом.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны агәабзиарахьчара аминистрра иаҳәоит, иахьазы Аԥсны акоронавирус зыдбалоу ҳәа уаҩ дшыҟам.
Очамчыра  - Sputnik Аҧсны
9/11
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра иаҳәоит, иахьазы Аԥсны акоронавирус зыдбалоу ҳәа уаҩ дшыҟам.
© Sputnik / Томас ТхайцукАреспубликатә хәышәтәырҭаҟны аҳақьымцәа рзы имҩаԥган акоронавирус аҽацәыхьчаразы иҷыдоу атренингқәа.
Ареспубликатә хәышәтәырҭаҟны аҳақьымцәа рзы имҩаԥган акоронавирус аҽацәыхьчаразы иҷыдоу атренингқәа. - Sputnik Аҧсны
10/11
Ареспубликатә хәышәтәырҭаҟны аҳақьымцәа рзы имҩаԥган акоронавирус аҽацәыхьчаразы иҷыдоу атренингқәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҳақьымцәа идырбан асабрадақәеи иҷыдоу ашәҵатәи ииашаны рхы ишадырхәаша.
Ареспубликатә хәышәтәырҭаҟны аҳақьымцәа рзы имҩаԥган акоронавирус аҽацәыхьчаразы иҷыдоу атренингқәа. - Sputnik Аҧсны
11/11
Аҳақьымцәа идырбан асабрадақәеи иҷыдоу ашәҵатәи ииашаны рхы ишадырхәаша.
Ажәабжьқәа зегьы
0