Ҳакзаара асимвол: Абираҟ амш Аҟәа ишазгәарҭаз

Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 23 рзы Аԥсны иазгәарҭеит Аҳәынҭқарратә бираҟ амш. Сынтәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ иахыҵуеит 28 шықәса.

Абираҟ Амш азы Аҟәа имҩаԥган еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа, дара Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси, аҳҭнықалақь ахадара Аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы адепартаменти, Акультура аминистрреи рыдгыларала Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы еиҿнакааит.

Асааҭ 18:00 рзы ақалақь ахадара аҿаԥхьантә Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҟынӡа имҩаԥысит амото- маланыҟәа еиндаҭрала.

Афиниш ашьҭахь аҿар, арҿиаратә коллективқәа, аспортсекциақәа, аволонтиорцәа амшын аԥшаҳәа иқәсит Аԥсны абираҟ кны.

Асааҭ 19:30 рзы Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа иалагеит акәашаратә коллектив "Кавказ", Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рарҳәагақәа рҳәынҭқарратә оркестр, ансамбль "Шьараҭын" аҿы еиҿкаау ахәыҷтәы студиа "Иаирума" злахәыз аконцерт.

Ҳаамҭазтәи Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ шьақәырӷәӷәан 1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҟны. Аескиз азирхиеит аԥсуа сахьаҭыхыҩ Валери Гамгьиа. Уи Аҟәатәи "Амодақәа рыҩны" аҟны ирӡахуан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

© Sputnik / Томас ТхайцукАкәашарақәа, ашәаҳәарақәа, аныҟәарақәа, амилаҭтә маҭәа - абарҭ зегьы Абираҟ амш аҽны Аҟәа аԥшаҳәаҿы ауаа рылагәырӷьон.
День флага Абхазии - Sputnik Аҧсны
1/17
Акәашарақәа, ашәаҳәарақәа, аныҟәарақәа, амилаҭтә маҭәа - абарҭ зегьы Абираҟ амш аҽны Аҟәа аԥшаҳәаҿы ауаа рылагәырӷьон.
© Sputnik / Томас ТхайцукАмаланыҟәа иақәтәаз ауаа аҳәынҭқарратә бираҟ рыманы аҳҭнықалақь иалсит.
День флага Абхазии - Sputnik Аҧсны
2/17
Амаланыҟәа иақәтәаз ауаа аҳәынҭқарратә бираҟ рыманы аҳҭнықалақь иалсит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАмилаҭ маҭәа ршәын аныҳәа иалахәыз аӡәырҩы.
День флага Абхазии - Sputnik Аҧсны
3/17
Амилаҭ маҭәа ршәын аныҳәа иалахәыз аӡәырҩы.
© Sputnik / Томас Тхайцук Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҟынӡа имҩаԥысит амото-маланыҟәа еиндаҭрала.
День флага Абхазии - Sputnik Аҧсны
4/17
Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҟынӡа имҩаԥысит амото-маланыҟәа еиндаҭрала.
© Sputnik / Томас Тхайцук Сынтәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ иахыҵуеит 28 шықәса.
День флага Абхазии - Sputnik Аҧсны
5/17
Сынтәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ иахыҵуеит 28 шықәса.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсуа драматә театр аҿаԥхьа акәашаратә коллектив "Кавказ", Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рарҳәагақәа рҳәынҭқарратә оркестр, ансамбль "Шьараҭын" аҿы еиҿкаау ахәыҷтәы студиа "Иаирума" злахәыз аконцерт мҩаԥган.
День флага Абхазии - Sputnik Аҧсны
6/17
Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа акәашаратә коллектив "Кавказ", Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рарҳәагақәа рҳәынҭқарратә оркестр, ансамбль "Шьараҭын" аҿы еиҿкаау ахәыҷтәы студиа "Иаирума" злахәыз аконцерт мҩаԥган.
© Sputnik / Томас ТхайцукАмшын аԥшаҳәа иқәыҩуан аԥсуа ашәақәа. Инеиааиуан амилаҭ цәамаҭәа иаҵаҽырбоз аҿар.
День флага Абхазии - Sputnik Аҧсны
7/17
Амшын аԥшаҳәа иқәыҩуан аԥсуа ашәақәа. Инеиааиуан амилаҭ цәамаҭәа иаҵаҽырбоз аҿар.
© Sputnik / Томас ТхайцукАконцерт анынҵәа ашьҭахь еиҵырхуеит абираҟ ду.
День флага Абхазии - Sputnik Аҧсны
8/17
Аконцерт анынҵәа ашьҭахь еиҵырхуеит абираҟ ду.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ ашәага-загақәа ауреи аҭбаареи 2:1 ҳәа аизыҟазаашьа рымоуп.
День флага Абхазии - Sputnik Аҧсны
9/17
Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ ашәага-загақәа ауреи аҭбаареи 2:1 ҳәа аизыҟазаашьа рымоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАбираҟ амш иаҭааз зегьы рыла ихубаалон агәырӷьареи агәадуреи. Саси-ԥшәымеи ргәалаҟара бзиан.
День флага Абхазии - Sputnik Аҧсны
10/17
Абираҟ амш иаҭааз зегьы рыла ихубаалон агәырӷьареи агәадуреи. Саси-ԥшәымеи ргәалаҟара бзиан.
© Sputnik / Томас ТхайцукАныҳәа иалахәын ахәыҷӡақәагьы
День флага Абхазии - Sputnik Аҧсны
11/17
Аныҳәа иалахәын ахәыҷӡақәагьы
© Sputnik / Томас Тхайцук1992 шықәсазы Аԥсны раԥхьатәи абираҟ, Аԥсуа-абаза жәлар раԥхьатәи рконгресс амҩаԥгараан, Владислав Арӡынба абаза жәлар рхаҭарнак Олег Етлухов ииҭеит. 2013 шықәса рзы ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра раԥхьатәи атрибут Аԥсныҟа ирхынҳәын. Иахьа уи Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны иҵәахуп.
День флага Абхазии - Sputnik Аҧсны
12/17
1992 шықәсазы Аԥсны раԥхьатәи абираҟ, Аԥсуа-абаза жәлар раԥхьатәи рконгресс амҩаԥгараан, Владислав Арӡынба абаза жәлар рхаҭарнак Олег Етлухов ииҭеит. 2013 шықәса рзы ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра раԥхьатәи атрибут Аԥсныҟа ирхынҳәын. Иахьа уи Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны иҵәахуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАбираҟ аескиз азирхиеит аԥсуа сахьаҭыхыҩ Валери Гамгьиа. Уи Аҟәатәи "Амодақәа рыҩны" аҟны ирӡахуан.
День флага Абхазии - Sputnik Аҧсны
13/17
Абираҟ аескиз азирхиеит аԥсуа сахьаҭыхыҩ Валери Гамгьиа. Уи Аҟәатәи "Амодақәа рыҩны" аҟны ирӡахуан.
© Sputnik / Томас ТхайцукАныҳәатә хәылԥазы ахь иааԥхьан аестрадатә шәаҳәаҩцәеи Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху амилаҭтә музыкатә арҳәагақәа рансамбль.
День флага Абхазии - Sputnik Аҧсны
14/17
Аныҳәатә хәылԥазы ахь иааԥхьан аестрадатә шәаҳәаҩцәеи Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху амилаҭтә музыкатә арҳәагақәа рансамбль.
© Sputnik / Томас ТхайцукАбираҟ амш азы аԥшаҳәаҿы акәашарақәа рацәан
Танцы стали частью Дня флага  - Sputnik Аҧсны
15/17
Абираҟ амш азы аԥшаҳәаҿы акәашарақәа рацәан
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсуа милаҭтә цәамаҭәа аиҳабацәа рыдагьы изшәыз ахәыҷқәа рацәан
День флага Абхазии  - Sputnik Аҧсны
16/17
Аԥсуа милаҭтә цәамаҭәа аиҳабацәа рыдагьы изшәыз ахәыҷқәа рацәан
© Sputnik / Томас ТхайцукАныҳәатә хәылԥазы далахәын Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа.
Аслан Бжания на Дне флага в Сухуме - Sputnik Аҧсны
17/17
Аныҳәатә хәылԥазы далахәын Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа.
Ажәабжьқәа зегьы
0