"Ишәҳәа ашә"

Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 20 рзы адунеи аҿы иазгәарҭоит ашә амш. Аԥсуаа ашәхкқәа рчеиџьыка иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп.

Ашәаӡа, ашәха, ашә рҟәыҷны, иӡны, ирҩаны уҳәа ирацәоуп аԥсуаа рчеиџьыка иалоу ашәхкқәа. Ачашә, аилаџь, ачаҳаржә, амгьал игәыларҵоит ашә, иара ус баша иуфаргьы ҟалоит.

Ахьара змоу анхацәа аџьабаа адырбалоит ахш-хырҵәы аҭыԥ ақәҵара. Ажә анхьалакгьы, мчыбжьык ахш рыдыркылаӡом, нас ианрымшьароу, арахә рынцәахәы Жәабран "шәрахәымшхааит" ҳәа ирымҵаныҳәоит. Уи ашьҭахь ахш ацар арҭар, идыршыр ҟалоит, амцахь инаргоит, аџьыка адыркуеит. 

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсуаа ашәхкқәа рчеиџьыка иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп.
Аԥсуаа ашәхкқәа рчеиџьыка иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп.  - Sputnik Аҧсны
1/12
Аԥсуаа ашәхкқәа рчеиџьыка иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥхынра, арахә рацәаны измоу ирыманы ашьхарахь ихалоит. Уаҟа аҳауа зҩыдоуп, аҳаскьын цқьоуп, ажәқәа ирымҵуа ахш иалырхуа ашә ахәша алыҵәҵәа иҟоуп. Уи даҽа гьамуп.
Аԥхынра, арахә рацәаны измоу ирыманы ашьхарахь ихалоит. Уаҟа аҳауа зҩыдоуп, аҳаскьын цқьоуп, ажәқәа ирымҵуа ахш иалырхуа ашә ахәша алыҵәҵәа иҟоуп. Уи даҽа гьамуп. - Sputnik Аҧсны
2/12
Аԥхынра, арахә рацәаны измоу ирыманы ашьхарахь ихалоит. Уаҟа аҳауа зҩыдоуп, аҳаскьын цқьоуп, ажәқәа ирымҵуа ахш иалырхуа ашә ахәша алыҵәҵәа иҟоуп. Уи даҽа гьамуп.
© Sputnik / Анжелика БенияАшьхара ашә еицырдыруа арецепт ала ауп ишыҟарҵо, аха ахш араҟа арахәи аԥсасеи ирацәаны ирымҵуеит, убри ауп еиҳарак аус зырцәгьо.
Ашьхара ашә еицырдыруа арецепт ала ауп ишыҟарҵо, аха ахш араҟа арахәи аԥсасеи ирацәаны ирымҵуеит, убри ауп еиҳарак аус зырцәгьо.  - Sputnik Аҧсны
3/12
Ашьхара ашә еицырдыруа арецепт ала ауп ишыҟарҵо, аха ахш араҟа арахәи аԥсасеи ирацәаны ирымҵуеит, убри ауп еиҳарак аус зырцәгьо.
© Sputnik / Анжелика БенияАшьхашә ахаҭабзиареи агәабзиаразы хәарҭарас иамоу атәы аҳәара аҭахыуп ҳәа сгәы иаанагом.
Ашьхашә ахаҭабзиареи агәабзиаразы хәарҭарас иамоу атәы аҳәара аҭахыуп ҳәа сгәы иаанагом. - Sputnik Аҧсны
4/12
Ашьхашә ахаҭабзиареи агәабзиаразы хәарҭарас иамоу атәы аҳәара аҭахыуп ҳәа сгәы иаанагом.
© Sputnik / Анжелика БенияАшәчырҳәқәа еиҳарак ахәыҷқәа рзы акәын ишыҟарҵоз ажәытәан. Иахьагьы имаҷҩым ашьхара ашәчырҳәқәа ҟазҵо. Аҟаҵарагьы цәгьоуп ҳәа узыҳәом. Аԥхьа ампыл хәыҷ ашә иаамыухуеит, нас агәы кылҵәаны унацәа иаахаургьежьуеит.
Ашәчырҳәқәа еиҳарак ахәыҷқәа рзы акәын ишыҟарҵоз ажәытәан. Иахьагьы имаҷҩым ашьхара ашәчырҳәқәа ҟазҵо. Аҟаҵарагьы цәгьоуп ҳәа узыҳәом. Аԥхьа ампыл хәыҷ ашә иаамыухуеит, нас агәы кылҵәаны унацәа иаахаургьежьуеит. - Sputnik Аҧсны
5/12
Ашәчырҳәқәа еиҳарак ахәыҷқәа рзы акәын ишыҟарҵоз ажәытәан. Иахьагьы имаҷҩым ашьхара ашәчырҳәқәа ҟазҵо. Аҟаҵарагьы цәгьоуп ҳәа узыҳәом. Аԥхьа ампыл хәыҷ ашә иаамыухуеит, нас агәы кылҵәаны унацәа иаахаургьежьуеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАбас аԥсуа ԥацхаҿы аԥсуамца иахыкнаҳаны ашәхақәа дырҩҩоит.
Абас аԥсуа ԥацхаҿы аԥсуамца иахыкнаҳаны ашәхақәа дырҩҩоит. - Sputnik Аҧсны
6/12
Абас аԥсуа ԥацхаҿы аԥсуамца иахыкнаҳаны ашәхақәа дырҩҩоит.
© Sputnik / Анжелика БенияАшәаӡа аилаҵаразы ихиоуп ҳәы угәы ианаанаго, сак аӡыршы инӡаауыршәлар иунарбоит: еиҵыхәхәа иаразнак аӡыҭра иалагар - ихиоуп аилаҵараз, ишыҟаз инхар - уахымыццакыр еиҳа еиӷьуп, ҽа сааҭк аҟара уазыԥшыроуп.
Ашәаӡа аилаҵаразы ихиоуп ҳәы угәы ианаанаго, сак аӡыршы инӡаауыршәлар иунарбоит: еиҵыхәхәа иаразнак аӡыҭра иалагар - ихиоуп аилаҵараз, ишыҟаз инхар - уахымыццакыр еиҳа еиӷьуп, ҽа сааҭк аҟара уазыԥшыроуп. - Sputnik Аҧсны
7/12
Ашәаӡа аилаҵаразы ихиоуп ҳәы угәы ианаанаго, сак аӡыршы инӡаауыршәлар иунарбоит: еиҵыхәхәа иаразнак аӡыҭра иалагар - ихиоуп аилаҵараз, ишыҟаз инхар - уахымыццакыр еиҳа еиӷьуп, ҽа сааҭк аҟара уазыԥшыроуп.
© Sputnik Ашә аныхаау абысҭа мацара иадкыланы иуфап
Ашә аныхаау абысҭа мацара иадкыланы иуфап - Sputnik Аҧсны
8/12
Ашә аныхаау абысҭа мацара иадкыланы иуфап
© Sputnik / Томас ТхайцукАшәаӡа, ашәха, ашә рҟәыҷны, иӡны, ирҩаны уҳәа ирацәоуп аԥсуаа рчеиџьыка иалоу ашәхкқәа.
Ашәаӡа, ашәха, ашә рҟәыҷны, иӡны, ирҩаны уҳәа ирацәоуп аԥсуаа рчеиџьыка иалоу ашәхкқәа. - Sputnik Аҧсны
9/12
Ашәаӡа, ашәха, ашә рҟәыҷны, иӡны, ирҩаны уҳәа ирацәоуп аԥсуаа рчеиџьыка иалоу ашәхкқәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАчашә аҟаҵараҿы ихадоу амарҭхә ашә ауп.
Ачашә аҟаҵараҿы ихадоу амарҭхә ашә ауп. - Sputnik Аҧсны
10/12
Ачашә аҟаҵараҿы ихадоу амарҭхә ашә ауп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАџьыкеи, аиаҵәареи змоу ари аҩыза ашә ус абысҭа иагәылауҵар ҟалоит, ма иӡны иуфаргьы алшоит.
Аџьыкеи, аиаҵәареи змоу ари аҩыза ашә ус абысҭа иагәылауҵар ҟалоит, ма иӡны иуфаргьы алшоит. - Sputnik Аҧсны
11/12
Аџьыкеи, аиаҵәареи змоу ари аҩыза ашә ус абысҭа иагәылауҵар ҟалоит, ма иӡны иуфаргьы алшоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАџьмақәа рааӡара акәама-ҵамарақәа рацәаны иамоуп. Аџьма иара иатәым аӡыр аҵанаҵаӡом. Ахьараан иухьо аџьма иаҵауҵо аӡыр удыруазароуп.
Аџьмақәа рааӡара акәама-ҵамарақәа рацәаны иамоуп. Аџьма иара иатәым аӡыр аҵанаҵаӡом. Ахьараан иухьо аџьма иаҵауҵо аӡыр удыруазароуп.  - Sputnik Аҧсны
12/12
Аџьмақәа рааӡара акәама-ҵамарақәа рацәаны иамоуп. Аџьма иара иатәым аӡыр аҵанаҵаӡом. Ахьараан иухьо аџьма иаҵауҵо аӡыр удыруазароуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0