Аԥсны аҵыҵындра акырџьара иазҳауеит, ауаа руҭрақәа, рашҭақәа рҿы ахатә ҭыԥ азалхны иҟоуп. Аха иҟоуп аҵыҵындра ззы чахәк аанагогьы, аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы уи ааӡаразы анаплакқәа аадыртуа иалагеит.
Убас шықәсқәак раԥхьа Гәылрыԥшь араион Дранда аҳаблан иаартын аҵыҵындрааӡарҭа, ара аус руеит хышәҩык рҟынӡа аҭыԥантәи анхаҩцәа, иара аарыхырҭа аҵакыра акәзар, 20 гектар иҟоуп.
Ари анаплакаҿы ҩ-хкык аҵыҵындра рааӡоит – Ruby Gem-и Albion-и, урҭ даара ихаауп, афҩы лаҳалаҳауа, харантәигьы иуаҳауеит. Ауаа аус руеит ашьыжь асааҭ хәба инаркны шьыбжьон асааҭ акынӡа. Дара ргәы ақәбзианы аус руеит, ауалафахәы ианаамҭоу еиԥҟьарада ироуеит.
Драндатәи анаплакаҿы изызҳауа аҵыҵындра есхымз аҽаҩра аанашьҭуеит, аӡынразы иаҳа имаҷны. Аусзуҩцәа алшықәсанык аус руеит, избанзар аҵиаақәа ршьапқәа есымша ирыцқьалатәуп, абаџьар ықәгалатәуп.
Еизыргаз аҵыҵындра амҿтәы иашьыкьқәа ирҭарҵоит, ирацәаны ианеизыргалак, атрактор ааины архьшәашәагахь инанагоит, Урыстәылаҟа аҭиразы ирышьҭаанӡа мышқәак ара иҭаҵаны ирымазар ауеит, акгьы ахьӡом. Ара иаадрыхуа аҵыҵындра Аԥсны аџьармыкьақәа рҿгьы ирҭиуеит. Аха аҭыԥ аҟны иааухәозар, кьылак 100-150 мааҭ ҳәа иуоуеит