Валериа Адлеиԥҳа Sputnik апресс-центр аҿы еиҭалҳәоит "Ты супер" дшалҵыз атәы

© Sputnik / Нина ЗотинаВалериа Адлеиаԥҳа
Валериа Адлеиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи авокалтә еиндаҭлара "Ты супер!" асуперсезон афиналбжахь инеиз Валериа Адлеиаԥҳа лыпресс-конференциа мҩаԥгахоит лаҵара 20 асааҭ 14:00 рзы.

Апресс-конференциа иалахәуп:

• Жәларбжьаратәи авокалтә еиндаҭлара "Ты супер!" актәи асезон аҟны иаиааиз Валериа Адлеиаԥҳа

• Валериа Адлеиаԥҳа лан Мадина Ешԥҳа.

АИХ рхаҭарнакцәа ааҳаԥхьоит лаҵара 20 асааҭ 14:00 рзы Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥысраны иҟоу Жәларбжьаратәи авокалтә еиндаҭлара "Ты супер!" афиналбжахь инеиз Валериа Адлеиаԥҳа лыпресс –конференциахь (аҭыӡҭыԥ: ақ. Аҟәа, Пушкин имҩ. 16 (абизнес-центр "Гудоу Плаза", 5 аихагыла).

Аккредитациа ҟалоит абри аҭел ала: +79409992191 Илона Авилова.

Азыҳәа анашьҭразы аелектронтә ҭыӡҭыԥ: i.avilova@sputniknews.com

Иара убасгьы азҵаарақәа рынашьҭра ҟалоит Sputnik Аԥсны адаҟьахь (асоциалтә ҳа Facebook) ма аелектронтә ҭыӡҭыԥ i.avilova@sputniknews.com ахь.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0