Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Сангәлиаԥҳа: аргама аҭацаагараан иахьа агхақәа аныҟарҵо ыҟоуп

© Sputnik Леон ГунияЭлисо Сангулиа
Элисо Сангулиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аусзуаҩ Елисо Сангәлиаԥҳа дазааҭгылеит ажәытәан аԥсуаа ачара шыруази иахьа ишыруеи атәы. Хәҭакахьала далацәажәеит ажәытә ҵасла аҭаца аргама лыҩны дышдәылыргоз аҵас.

Аҵарауаҩ ишазгәалҭо ала, иахьатәи ачара амҩаԥгара аан ажәытә ҵасқәа ирыцәхьаҵуа шмаҷым.

"Уажәтәи аамҭазы аҭаца аргама дандәылырго агхақәа ҟарҵоит. Ажәытәан аҭаца дандәылыргоз, акәашареи ашәаҳәареи азин змаз аҭацаагацәа ракәын, аҭаца дахьдәылыргоз аҩнаҭа иатәу акәашареи ашәаҳәареи азин рымамызт, урҭ аганахь игыланы ирыхәаԥшуан. Иахьа уи аҵас аӡра иаҿуп, аҵакы аӡәырҩы ирхашҭхьеит", — лҳәеит лара. 

"Хра злоу ахҭысқәа": аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аусзуҩы Елисо Сангәлиаԥҳа дазааҭгылеит ажәытә ҵасла аҭаца аргама лыҩны дышдәылыргоз атәы

Сангәлиаԥҳа ишазгәалҭаз ала, структурала уахәаԥшуазар иахьатәи ачара рацәак аҽамԥсахит уҳәартә иҟоуп, аха ҵакыла акыр аиҭакрақәа ахҭысит.  

Аха убри аан, аҵарауаҩ лгәаанагарала, аԥсуа чара иаланагалеит ҳара иҳацәтәыму, ахаан ҳҵас иаламыз аҟазшьақәа.

Ицаз атрадициақәа рҟнытә уззымхьаашагьы рацәоуп, аха аԥсуацәа аҟәынҵаны иахьагьы имҩаԥугартә иҟоуп, лҳәоит аҵарауаҩ.

Ажәабжьқәа зегьы
0