Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аџьԥҳа: асоциалтә усзуҩцәа аҩны ацхыраара рырҭоит 170-ҩык зхы иамыхәо ауаа

© Sputnik / Томас ТхайцукИнна Аджба
Инна Аджба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьатәи амш азы Аԥсны ахы-аҵыхәа 170-ҩык иреиҳаны ари апрограмма ацхыраара рынаҭоит, 65 –ҩык асоциалтә усзуҩцәа рымаҵ руеит, абри атәы лҳәеит Sputnik арадиостудиаҟны Аԥсны аџьеи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра иатәу атәыла ауааԥсыра ацхыраара рыҭареи асоциалтә программақәа рыла реиқәыршәареи русбарҭа аиҳабы Инна Аџьԥҳа.
"Хра злоу ахҭысқәа": Инна Аџьԥҳа асоциалтә программақәа ирызкны

"Аԥсны иахьа даара хшыҩзышьҭра зҭатәу акакәны иҟоуп зхала иҟоу, ҭынхада иаанхаз зықәрахь инеихьо ауаа, ахамыхәацәеи асоциалтә цхыраара арыҭара, иара убасгьы амамзаара зныԥшуа аҭаацәарақәа рыцхараара. 2011 шықәса раахыс ҳминистрра имҩаԥнагоит апрограмма "Помощь на дому". Ари апрограмма зызку зхы иамыхәо аҩны ацхыраа арыҭара ауп. Иахьатәи амш азы Аԥсны ахы-аҵыхәа 170-ҩык иреиҳаны ари апрограмма ацхыраара рынаҭоит, 65 –ҩык асоциалтә усзуҩцәа рымаҵ руеит ", — лҳәеит Аџьԥҳа.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0