Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Чачхалиаԥҳа: Урыстәыла ахада иалхрақәа ҳара ҳахьалахәу ҭакԥхықәроуп

© SputnikГлава администрации Ткуарчалского р-на Аида Чачхалия.
Глава администрации Ткуарчалского р-на Аида Чачхалия. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ауааԥсыра иахьа иалырхуеит рԥеиԥш, ԥхьаҟатәи рыԥсҭазаара бзиа, уи ҳара хахьахәтаку ҭакԥхықәроуп, лҳәеит Тҟәарчал ахада Аида Чачхалиаԥҳа.
Чачхалиаԥҳа: Урыстәыла ахада иалхрақәа ҳара ҳахьалахәу ҭакԥхықәроуп

"Иахьа ашьыжь инаркны Тҟәарчал инхо ауааԥсыра алхрақәа рҿы активла рхы аадырԥшуеит. Ныҳәак еиԥш арҭ алхрақәа иазнеит. Ҳара ҳраион иаҵанакуа ақыҭақәа 11 рҟынтә алхрақәа рахь активла иааит хқыҭак рҟынтә ауаа. Егьырҭ ақыҭақәа ртәы ҳҳәозар ихьысҳауп рааира, избан акәзар Урыстәыла атәылауаҩшәҟәы змоу маҷуп. Ҳәарада, Урыстәыла ауааԥсыра иахьа иалырхуеит рԥеиԥш, ԥхьаҟатәи рыԥсҭазаара бзиа, уи ҳара ҳахьахәтаку ҭакԥхықәроуп", — лҳәеит Чачхалиаԥҳа.

Хәажәкыра 18, ашьыжь асааҭ 8.00 рзы Аԥсны иахьаҵанакуа иаатит алхырҭатә ҭыԥқәа 20, Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа рыбжьы рҭиирц ахьрылшо.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0