Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Агрԥҳа: арҵага шәҟәы иҭсмыжьыр ада ԥсыхәа сымамызт

© SputnikМарина Агрба
Марина Агрба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афилолог, аԥсуеи англыз бызшәақәеи рырҵаҩы Марина Агрԥҳа иҭлыжьит "Бзиаала шәаабеит" ҳәа хьӡыс измоу арҵагатә шәҟәы. Автор длыҿцәажәеит арадио Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ Алхас Манаргиа.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Агрԥҳа ашәҟәы "Бзиала шәаабеит" аҭыжьра иазкны

"Ари ашәҟәы англыз бызшәа аҟнытә иааҳгаз ак ауп, ари абызшәа Адунеи аҿы арҵара шыҳараку дыруп. Сара ирацәаҩны ахәыҷқәа аҩны англыз бызшәа дсырҵон, ирацәаны ашәҟәқәа скын, аха абри ашәҟәы аҟара ахархәараҿы иманшәалоу сымбац. Аԥсуа бызшәа шәымҵар ада ԥсыхәа ыҟаӡам ҳәа иаашьҭырхыр, иаарџьбараны, џьара уацәымцо, ирласны аҵара иалагоит. Агәрагара ҟалар ауаҩы илымшо акгьы ыҟаӡам. Сара абри ҟасымҵар ада ԥсыхәа сымамызт, избанзар убысҟак ирацәаны аҵаҩцәа сыман, аԥсшәа зҵарц зҭаху аус зласуша шәҟәык соур акун. Абри сышәҟәы ахала иманшәаланы ихиахеит, сусура иснарбеит", — лҳәеит Агрԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0