Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габниа: ақәратә ценз азы аԥсахра алагалара ахәҭаны избом

© SputnikГиви Габния
Гиви Габния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иаҭахума Атәыла ахадахьы зкандидатура ықәзыргыло рзы ақәратә ценз аԥсахра, иаҭахызар, иаԥсахырц иалшои уи ҳара ҳаԥсҭазаараҿы, абри азҵаара аҭак ҟаиҵон адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас Атәыла Ахада Иусбарҭа ахада ихатыԥуаҩ, азиндырыҩ Гиви Габниа.
Габниа: ақәратә ценз аԥсахра алагалара ахәҭаны избом

"Иахьатәи аамҭаз аконституциа алалара, ицәгьоу, иџьбароу усуп, убри азы иахьынӡа ҳалшо ҳаламлароуп. Ақәратә ценз азҵаара акәзар, зынӡа акы иаԥсоуп ҳәа иасыԥхьаӡом. Иахьа иҟоу ақәра иаҵанакуа рҟнытә атәыла напхгарахь анеира зҭаху, рымч рылшара иҟоуп ҳәа сгәы иаанагоит ", — иҳәеит Габниа.
Шәазыӡырҩла Sputnik Аԥсны арадио ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0