Коӷониаԥҳа: Facebook аҿы исыҩуа Америка иҟоу ахҭысқәа анырра рнаҭом
"Ас еиԥш агәаанагара сахьақәшаҳаҭуи сахьақәшаҳаҭыми иҟоуп. Дарбанызаалакгьы ауаҩы иҩҩуа, уи асоциалтә ҳа аҿы аума, аинформациатә хархәагақәа рҿы аума, ауаажәларра анырра рнаҭоит, хымԥада. Акыр ҵуеит уи аҩыза алкаа ҟаҳҵеижьҭе. Аха даҽа ганкьахьала сара абра исыҩуа Европа, мамзаргьы Америка иҟоу ахҭысқәа анырра анаҭоит ҳәа сгәы иаанагом. Cаныҩуа зегьы аартны, сҳәынҭқарра иазеицәоу сыҩуам, иҟами имаӡоугьы? Еилыскаауеит, уи нахьхьи џьара аӡәы даԥхьар шилшогьы. Асоциалтә даҟьа аинформациа аиуразыи угәаанагара аҳәаразыи даара ихәарҭоуп. Сара Facebook схы иасархәоит еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа рҿы иҟоу ажәабжьқәа рдырразы, ус баша еицәажәагас иҟалозар, са сзы усҟак аинтерес аҵахом", — азгәалҭеит Коӷониаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.