Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәыҵниаԥҳа "Абиблиоҵхы" иазкны: инеиуа агәҿыӷь даҳаркуам

© SputnikХатуна Квициния
Хатуна Квициния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 23 Иван Ԥапасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥысуеит "Абиблиоҵхы"ҳәа хьӡыс измоу афестиваль. Уи ахықәкы хада ауааԥсыра ашәҟәыԥхьара радыԥхьалара, абзиабара дыркра ауп лҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны абиблиотека аусзуҩ Хаҭуна Кәыҵиниаԥҳа.
Кәыҵниаԥҳа "Абиблиоҵхы" иазкны: инеиуа агәҿыӷь даҳаркуам

"Амилаҭтә библиотека аҩныҵҟа уи аҽны еиҿкаахоит еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа. Урҭ ухы рылаурхәыр ҟалоит ашьыжь асааҭ 10 инаркны ауха асааҭ11-нӡа. Ирацәоуп ахәыҷқәа рзы иазҳархиаз ахәмаррақәагьы, ахыҷбаҳчахь иныҟәои, ашколқәа рҿы аҵара зҵои рзы. Абиблиотека аҭааҩцәа рзы еиҿкаахоит ацәыргақәҵа, Миха Лакрба иновеллақәа рырбара уҳәа даара аинтерес зҵо хкы рацәала еиуеиԥшым усмҩаԥгатәқәа", — лҳәеит Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны

Ажәабжьқәа зегьы
0