Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарцхьиа: аԥсшьаҩцәа ашәарҭадара рзеиҿкааразы ҳусура ҳарӷәӷәеит

© Sputnik Авидзба БадракРуководитель управления по воспитательной работе МВД Абхазии Леван Кварацхелия
Руководитель управления по воспитательной работе МВД Абхазии Леван Кварацхелия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акурортә аамҭазы Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа аминистрра аԥсшьаҩцәа ршәарҭадаразы еиҿнакаауа аусурақәа ртәы иҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Леуан Кәарцхьиа.
"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Кәарацхьелиа аԥсшьаҩцәа ршәарҭадара иазкны

"Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа аминистрра иааиуа акурортә аамҭазы аԥсшьаҩцәа ршәарҭадара аԥҵареи ацәгьоурақәа ирҿагылан ақәԥареи иазырхои апрафилактикатә усурақәа рыплан шьақәнарӷәӷәеит. Аԥсныҟа иаауа аԥсшьаҩцәа ргәырҽанаҳҵоит, еиуеиԥшым адыррақәа раҳҭоит. Зхатәы машьынала иаауа агәаларшәагақәа рзаҳшоит, уаҟа иануп иаарҭаххар ирласны иахьасша. Аԥсшьаҩцәа изҭаауа аҭыԥқәа рҿы ашәарҭадара рзеиҿкааразы еиуеиԥшым аусхкқәа мҩаԥаҳгоит", — иҳәеит Кәарцхьиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0