Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Лазба: аинформациатә шәышықәсазы ҳазхаҵара азҵаара лассы иӡбахар ауеит

© Sputnik Инал Лазба
Инал Лазба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аексперт Инал Лазба адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны иазгәеиҭеит Аԥсны ахьԥшымра иахьа иамоу азхаҵара, ашәарҭадара аиԥш аҿиара азҵаарагьы аӡбартә иҟоуп ҳәа.
Лазба: аинформациатә шәышықәсазы ҳазхаҵара азҵаара лассы иӡбахар ауеит

"Ҳара ахьыԥшымра анҳау, азхаҵара ҳзашьҭаз зегь раԥхьа иргыланы ашәарҭадара азҵаара аӡбаразы акәын. Уи ашьҭахь аҳәынҭқарра арҿиара азҵаара ықәгылоуп. Иахьа иҳамоу азхаҵара аҩаӡара алшара ҳнаҭоит арҭ азҵаарақәа рыӡбара, убри аҟынтәи ҳхы иаҳархәароуп. Аҩажәатәи ашәышықәсазы аполитикатә ҭагылазаашьа аԥсахра акыр аамҭа аҭахын, аха иахьа аинформациатә шәышықәсазы — шықәсык ҩы-шықәса рыла аҽыԥсахрақәа ҟалар рылшоит. Убри аҟынтәи ҳазхаҵара аус зныкала ҳа ҳахь иааҳәыр алшоит", — иҳәеит Лазба.

Ажәабжьқәа зегьы
0