Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҩӡба: Приморсктәи аӡырԥха агәабзиара аиӷьтәразы Анцәа иҳаиҭаз ӡуп

© Sputnik / Томас ТхайцукМикрофон
Микрофон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Приморское ақыҭа аӡырԥхақәа хылаԥшра рызҭо афирма "Цәкәара" аиҳабы Руслан Аҩӡба арадио Sputnik аҟны иҳәеит ирҭаауа ииашаны аҽыхәшәтәра мҩаԥыргарц аҭыԥаҟны ирыҵазҳәо шыҟоу.
Аҩӡба: Приморсктәи аӡырԥха агәабзиара аиӷьтәразы Анцәа иҳаиҭаз ӡуп

"Аԥсынтәыла аӡырԥхақәа рацәаны иҟоуп. Ҳара ҳҿы Приморское Асовет еидгыла ахаангьы аӡырԥха ааиуан, аха усҟан баша ауаа ааины аӡы ахьҭатәаз рыҽҭшьны ицон. Аԥсуа нхацәа рыфатә рыманы, амшьамбақәа ргыланы аӡаҟны раамҭа рхыргон, ргәабзиара иазеиӷьхарц аӡы иҭалон. Жәаф шықәса раҟара ҵоит амедицина аганахьала алкаақәа ахьыҟаҵоу, ауаҩы игәабзиара ишахәо азы ашәҟәқәа ҳамуижьҭеи. Аӡырԥхақәа хәарҭоуп аџьыка чымазара, арадикулит уҳәа рыхәшәтәразы. Урыстәыла еиуеиԥшым акәакьқәа рҟынтәи иаҳзаауеит, амедицина ишаҳәо еиԥш мчыбжьык- жәамш аҽыхәшәтәра иахысуеит, аӡырԥха шырзеиӷьхаз азы ахҳәаақәа рацәаны иҟарҵоит. Аԥсшьаҩцәа  анҳзаауа, ара ауаҩы дгылоуп ирабжьеигоит шаҟа аамҭа аӡаҟны иҟазар ҟало разҳәо. Џьоукы ҵаауеит аӡы шәеигӡома  ҳәа. Мап, аӡы Анцәа иҳаиҭеит ҳаигӡаӡом, агәабзиара иазеицәахоит амцхә уҭазар ҳәа анраҳҳәо ашьҭахь, еилыркаауеит. Асааҭқәа кнаҳаны иҳамоуп, аӡы шаҟа аамҭа иҭоу дзырбо", — иҳәеит Аҩӡба.

Ажәабжьқәа зегьы
0