Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҩӡба Нанҳәа иазкны: аҿамаҿа ианыҳәоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукВиктор Авидзба
Виктор Авидзба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иабантәиаауа Нанҳәа, ишԥазгәарҭои уи атрадициатә динахаҵараҿыи, ақьырсиан динхаҵараҿыи, абри атәы еиҭеиҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭаз аетнолог Виктор Аҩӡба.

Аҩӡба Нанҳәа ныҳәа иазкны: аҿамаҿа ианыҳәоуп
"Ҳара ҳатрадициатә культура, ҳатрадициатә динхаҵара иаҳәҭаку аныҳәеи ақьырсиантә ныҳәеи еилӡҩаны, еилаҵәаны ишьақәгылаз ныҳәоуп. Атрадициатә динхаҵара иаҳа ақәра амоуп, убри аҟнытә ҳара иазгәаҳҭар ҳалшоит, ҳатрадициатә культура раԥхьа иҟалаз ак шакәу, аха нас ақьырсианра Аԥсны иалаҵәо ианалага, ақьырсианра аԥыжәара аго иалагеит. Аха ажәлар ари аныҳәа рхадмыршҭӡеит.  Аҵарауаагьы иазгәарҭоит,  иаҳа ииашаны ари аныхәа аҿамаҿа иадҳәалоуп ҳәа. Избанзар, нанҳәамза ҽаҩраҭагалара ахықә ҳақәгылоуп, Аԥсны иҟоу шәырума, уҭраҭыхума зегьы рыхкы аишәа иқәырҵоит, аныҳәа иаԥылоит", — ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба.

Абри атемала иаҳа инарҭбааны шәаԥхьар шәылшоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0