Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳагԥҳа "Амузыка амч" иазкны: Хевелев иҭаххеит аԥсуа хәыҷқәа дрыцхраарц

© Sputnik / Томас ТхайцукИзольда Ҳагԥҳа
Изольда Ҳагԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә фонд "Ашана" хылаԥшра азҭо ахеилак ахантәаҩы Изольда Ҳагԥҳа арадио Sputnik Аԥсны астудиаҿы еиҭалҳәеит Аҟәа Алексеи Хевелев имҩаԥиго агәыҳалалратә концерт "Амузыка амч" зеиԥшрахо.
Ҳагԥҳа "Амузыка амч" иазкны: Хевелев иҭаххеит абас ала аԥсуа хәыҷқәа дрыцхраарц

"Сара сгәаанагарала, ари еиҳау агәыҳалалра ыҟаӡам. Дыздыруада иахьа Алексеи Хевелев Аԥсны? Иидыруада иахьа Аԥсны иара? Зегь акоуп, иара иҭаххеит агәыҳалалратә концерт ҳтәылаҿы амҩаԥгара, аԥсуа хәыҷқәа ацхыраара рыҭара. Ари сара сзы даара гәахәара дууп. Иара аконцерт аплан ҳаналацәажәоз, Алексеи иҭаххеит аԥсуа зыӡырҩы иара имузыка ада, ҳара аԥсуаа ҳмузыкалтә культура амузыкагьы раҳарц. Иара иҭаххеит ицықәгыларц аԥсуа шәаҳәаҩцәа. Изысышьҭит акапелла инарыгӡо ашәақәа, иара даара игәаԥхеит. Даргьы мап ҳцәырымкит, Мадина Кәарацхьелиаԥҳагьы гәахәарыла илыдылкылеит ҳажәалагала. Ҳконцерт, хымԥада, иуникалтәхоит. Иҟалоит аҟазацәа ахьеицықәгыло аномерқәагьы", — ҳәа азгәалҭеит Ҳагԥҳа.

Жьҭаара 15 рзы, Аҟәа, аҳәынҭқарратә филармониаҿы, акомпозитор, апианино арҳәаҩы Алексеи Хевелев имҩаԥигоит агәыҳалалратә концерт.  Уи аиҿкааҩцәас иамоуп акультуратә гәыҳалалратә фонд "Ашана". Аконцерт аҿы иара убас иқәгылоит Аҳәынҭқарратә хортә капелла, ашәаҳәаҩ Мадина Кәарацхьелиаԥҳа. Аконцерт абилеҭқәа рыҭира ала ирҳахо аԥара зегьы агәыҳалаларатә фонд "Ашана" хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа ацхыраара рыҭарахь ишьҭхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0