Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аргәын: ажәытәан абнахь ицоз ауаҩы аԥсабара даҽакала дазыҟан

© Фото : предоставлено Анзором АргунАнзор Аргун
Анзор Аргун - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абна иацу аԥҟарақәеи, ажәытәан аԥсуаа аԥсабара ишазыҟази ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит абнахылаԥшҩы Анзор Аргәын.
Аргәын: ажәытәан абнахь ицоз ауаҩы аԥсабара даҽакала дазыҟан

"Иахьа еиҳарак алмҿы ауп ирго, ахьаца, ашә шамахамзар, аӡәгьы иҭигаӡом. Ааҵла уҳәа зыхә ҳараку егьырҭ аҵлақәа ауаҩы ԥырхага рыиҭом. Дара еихьеизҳауа аҭыпқәа рҿы анеира цәгьоуп, иԥырҟаргьы, ирызҭыгаӡом. Абна иара ахатә ԥҟарақәа ацуп, уи ҳабацәа ҳабдуцәа ирдыруеит. Ажәытә ҵлақәа роума мамзаргьы, махәык хжәама, абнахь ицо ауаҩы изы ԥырхага ианамҭартә иҟаҵатәуп. Иара ус ашәырҵлақәа, аҩнынтә иганы абнаҿы еиҭарҳауан, имҩасуа, ашәарыцаҩ, мамзаргьы шьхацан ицо иоума иҿыхны ифарцаз. Иахьазы шамахамзар, ҳахьцо ҵлак еиҭаҳаны иаабом", — иазгәеиҭеит Аргәын.

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0