Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәыџԥҳа аинтеллектуалтә хәмаррақәа ирызкны: аҿар иадҳаԥхьаларц ҳҭахуп

© Sputnik / Томас ТхайцукДана Куджба
Дана Куджба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аинтеллектуалтә хәмаррақәа рзы Аԥсны аабатәи ачемпионат аиҿкааҩцәа иреиуоу Дана Кәыџԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит ахәмаррақәа хықәкы хаданы ирымоу.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кәыџԥҳа аинтеллектуалтә хәмаррақәа ирызкны

"Макьана еилкааӡам шаҟа команда сынтәа рхы аладырхәуа, аха есышықәса рхыԥхьаӡара иацлоит. Ахәмаррақәа зхы рылазыхәыр зҭаху абҵара 9-нӡа аамҭа рымоуп арзаҳал алаҵара, акоманда ашьақәыргылара. Агәыԥ иалахәзароуп хҩык инаркны фҩык рҟныӡа арԥарцәа мамзаргьы аҭыԥҳацәа. Ҳара еиҿкааны иҳамоуп еиуеиԥшым аинтеллектаултә хәмаррақәа, иҟоуп аӡәы имацара ихы алаирхәыр ахьилшогьы. Иаҳҭахуп/ аҿар рацәаны арҭ ахәмаррақәа иадыԥхьалахарц, избанзар уи удыррақәа зырбеиоу, ухшыҩ аус азыруа акәны иҟоуп", — ҳәа азгәалҭеит Кәыџԥҳа.    

Абҵара 10 рзы Аҟәа ихацыркхоит аинтеллектуалтә хәмарра "Иарбан? Иаба? Ианба?".

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0