Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аԥҳазоу: аԥхьаҩи ашәҟәыҩҩи реимадара арӷәӷәара зегьы ирыцкуп

© Sputnik / Томас ТхайцукВахтанг Абхазоу
Вахтанг Абхазоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы сынтәатәи ашықәс арҿиаратә ус аихшьаалақәеи ԥхьаҟатәи агәҭакқәеи дрылацәажәеит.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Аԥҳазоу ашықәс аихшьаалақәа ирызкны

"Раԥхьа иргыланы иазгәаҭатәуп изызҳауа аҿар рҟнытә ишыҟоу алитературахь зшьаҿа еихызго. Иалаҳкааз агазеҭқәа, ажурналқәа рҿы иаҳкьыԥхьуеит. Нас урҭ ирышьҭаланы ирбар, ирыԥхьар рҭахуп. Иуҳәар ҟалоит, уажәнатә ишаабо алитературахь агәыбылра шрымоу атәы. Ари аусура анаҩсгьы имҩаԥгалахоит. Иахьа ашәҟәы иаԥхьо шмаҷхаз ҳдыруеит, аха ақыҭақәа, араионқәа рҿы ауаа ҳанырԥыло ашәҟәқәа рзаҳгоит, убасҟан дара ргәы иаҭахны иргоит, избанзар, аԥсуа шәҟәы, агазеҭ, ажурнал аҩнаҭаҿы ианнеи, иаҵанакуа шырацәоу аабоит. Аԥхьаҩи ашәыҟәыҩҩи реимадара акырӡа шаанаго ҳдыруеит", — ҳәа азгәаиҭеит Абҳазоу.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0