Габниаԥҳа еиҭалҳәеит амшьҭацәгьа аҽацәыхьчаразы ажәытәан аԥсуаа иҟарҵоз
"Ашықәс ҿыц ҳҭалоит ажьырныҳәа 13 рзы, ус иԥхьаӡоуп аԥсуаа ҳҟны. Ари аамҭа аихшара иатәуп, аҳәаа иаҩызоуп. Ари аԥсҭазаараҿы етап ҿыцуп, убри аҟнытә уи аамҭазы ацәгьарақәа зегьы еиҳагьы рыҽдырӷәӷәоит ҳәа иԥхьаӡоуп. Аԥсуа рфилософиаҿы еснагь иҟан абзиеи ацәгьеи реиҿагылара, реибырххара. Уи ажәлар ирдыруан аҟынтә, заагьы рҽазыҟарҵон. Рыҩнаҭақәа, рышҭақәа рҿы урҭ рыхьчаразы зымшьҭа бзиоу ҳәа еиҭарҳауан аҵлақәа. Ацәгьа еснагь агәара икылаԥшуеит рҳәоит, убри аҟнытә аандақәа рҿы аҽхыбыҩқәа, амшә ахыбыҩ уҳәа кнарҳауан, уи ацәгьа ашҭа иҭнажьлом ҳәа иԥхьаӡан", - ҳәа азгәалҭеит Габниаԥҳа.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.