Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гәыбаз: аботаникатә баҳчаҿы ахымҩаԥгашьа иаша иақәымшәо аҭыԥантәиқәа ҳауп

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәатәи аботаникатә баҳча аиҳабы Едуард Гәыбаз
Аҟәатәи аботаникатә баҳча аиҳабы Едуард Гәыбаз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи аботаникатә баҳча аиҳабы Едуард Гәыбаз арадио Sputnik аҟны далацәажәеит абаҳча иаҭаауа рхымҩаԥгашьа акультура.
Гәыбаз аботаникатә баҳча аҭааҩцәа рзы: ахымҩаԥгашьа иаша иақәымшәо аҭыԥантәиқәа ҳауп

"Барбиус ҳәа дыҟан (Анри Барбиус-еицырдыруа афранцыз шәҟәыҩҩы, ажурналист, ауаажәларратә усзуҩ-аред.), адунеи дакәшахьан, Аԥсны данаҭаа, араҟа зегьы ботаникатә баҳчоуп иҳәеит, аҳәаа данахыҵ нахыс аԥшӡара ибла хнакит. Иаагозар, уажәы Риҵа збаз, Аҟәа дааны аботаникатә баҳча гәеиҭаӡом, ҟазак иакәымзар. Аԥсны-зегьы ботаникатә баҳчоуп азы, лымкаала Аҟәа иааны игәазҭо аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара иаҳа-иаҳа имаҷхоит. Адунеи аҟны аботаникатә баҳчақәа рҿы еиҿыркаалоит акрыфарҭақәа, акаҳуажәырҭақәа, ауаа иаҳа иаднаԥхьалап ҳәа, аха ус Аԥсны ианаалом. Иахьысҳәо сцәыхьанҭоуп, аха уаанӡа ҳхымҩаԥгашьа акультура нагаӡам, избанзар аҵиаақәа ишакәым ирызныҟәо иалагоит. Еиҳарак иахьа абтаникатә баҳчаҟны иҟоу аҵиаакәа ааха рызҭо аҭыԥантәи ауаа ҳауп. Аҳәыҷкәа рыманы инеиуеит, арыжәтә уахь ианнарго ыҟоуп. Ахымҩаԥгашьа иаша иақәымшәо ак роуҳәаргьы рҭахым. Аилабжьара ыҟазароуп, иахьатәи иԥшӡам ҳхымҩаԥгашьа зыхҟьо, иаҳгәамԥхо аныҟоу ҳахьавсуа ауп. Џьоукы-џьоук рхәыҷқәа рыманы абаҳчаҟны ианнеиуа даара ааха ҳарҭоит", - хәа азгәеиҭеит Гәыбаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0