Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Раҳми Арӡынба: аус зур зҭаху инапы злеикша иԥшаауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРахми Ардзинба
Рахми Ардзинба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа, Ачадара ақыҭа инхо 71 шықәса ирҭагылоу Раҳми Арӡынба 12 шықәса раԥхьа Ҭырқәтәылантәи иџьынџьԥсадгьыл ахь дхынҳәит. Араҟа иара иаԥиҵеит акәтааӡырҭатә ферма, иара убри алагьы ихы ныҟәигоит. Арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы Раҳми Арӡынба еиҭеиҳәеит инапы злаку аус дшалагаз.
Раҳми Арӡынба: аус зуар зҭаху инапы злеикша иԥшаауеит

"Кәтаӷьк сфап ҳәа ҩажәа кәҷишь аасхәеит. Дара зегьы рбаӷьхеит, анаҩс иҭиины акәытқәа аасхәеит. Аԥхьа ҩажәа кәты сыман, нас шәкы  ҟалеит, нас – ҩышә. А-инкубатор хәыҷык аасхәан ақәҷарақәа рхыхра салагеит, ианысзымха, аду згеит. Мызкала 1000-1200 кәҷышь хысхуеит. Адгьыли аамҭеи змоу зегьы ирабжьазгоит ари аус рнапы адыркырц. Ақыҭауаа ԥарак дырҳарцаз- ибзиоу усуп. Ахаҵа акәты иааӡеит ҳәа иамоузеи цәгьарас, изыԥхашьароузеи.  Сара аус анызымуа сгәы бааԥсхоит, хьҭак сылалеит ҳәа сзышьҭалаӡом. Аусура бзиа избоит, аус зур зҭаху иԥшаауеит инапы злеикша", - ҳәа азгәеиҭеит Арӡынба. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0