Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аргәынԥҳа Таиф Аџьба ииубилеи иазку аспектакль азы: имшынҵа ахьӡ амазаауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМадина Аргун
Мадина Аргун - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа Ҳәынҭқарратә драматә театр арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит апоет Таиф Аџьба диижьҭеи 80 шықәса аҵразы аус здыруло аспектакль аӡбахә. Уи аԥхьарбара азгәаҭоуп апоет иира амш аҽны хәажәкыра 11 рзы.
Аргәынԥҳа илҳәеит Таиф Аџьба диижьҭеи 80 шықәса аҵразы аспектакль шықәдыргыло

"Аибашьра анеилгаҵәҟьа Таиф Аџьба иԥшәмаԥҳәыс Римма Коӷониаԥҳа илзынхеит имшынҵа, иара Аҟәа далаханы даныҟаз ихәыцрақәа зну ицәаҳәақәа. Аибашьра ашьҭахьҵәҟьа уи имшынҵа "Бзиала иаҳзырша" ҭыҵит. Амшынҵа инақәыршәаны аинсценировка ҟалҵеит Занда Какалиаԥҳа, убри аспектакль алаҳхуеит. Ақәыргыламҭагьы амшынҵа ахьӡ амазаауеит", - лҳәеит Аргәынԥҳа.

Лара иазгәалҭеит аспектакль аҟны Таиф Аџьба ихаҭара аиԥш аибашьраан Аҟәа иалахаз егьырҭ аԥсуа интеллигенциа ахаҭарнакцәагьы аарԥшхоит ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0