https://sputnik-abkhazia.info/20260623/1063871622.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿы апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара рашәарамзазы 20% инареиҳаны иазҳаит.Афедералтә ҳазалхратә маҵзура адыррақәа рыла, лаҵарамза иаҿырԥшны... 23.06.2026, Sputnik Аҧсны
2026-06-23T13:30+0300
2026-06-23T13:30+0300
2026-06-23T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/17/1063871456_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_c68988e21fa8f38cd20773867c0f068f.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿы апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара рашәарамзазы 20% инареиҳаны иазҳаит.Афедералтә ҳазалхратә маҵзура адыррақәа рыла, лаҵарамза иаҿырԥшны рашәарамзазы апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара 23% ихалеит, атранспорттә хархәагақәа — 18%.Апроект уахыки-ҽнаки рыла 1,5 нызқь машьына рымҩасразы аушьҭратә лшара шамоугьы, уи есыҽны иахысуеит быжьнызқь инареиҳаны амашьынақәеи 30- нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыреи.Аамҭакала аушьҭырҭатә ҭыԥ аинфраструктура арҿыцрагьы мҩаԥысуеит.Афедералтә ҳазалхратә усбарҭа иазгәанаҭоит, Аԥсныҟа ацаразы ишыманшәалоу альтернативтә транспорт хкқәа — аихамҩатә, амшынтә, аҳаир еимадара.
Аԥсны АҶА Аӷба маҷқәа рзы аҳәынҭқарратә инспекциа аусзуҩцәа Аҟәа амшын қәыԥшылараҿы аԥҳәыс деиқәдырхеит.Ари ҟалеит асааҭ 09:00 рзеиԥш Диоскуриа иахьаҵанакуа ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс".Аҳҭнықалақь аҿы инхо аԥҳәыс агаҿа дацәыхараны дыӡсо дцеит, уи анаҩс аӡымҩас дышьҭԥааны ахаҳәқәа дрыҵанагало иалагеит. Ацхырааразы аҿҭра далагеит. Аиқәырхаҩцәа ԥшра ҟамҵакәа инеины аԥҳәыс деиқәдырхеит.
Тҟәарчал ақалақь аҿы аԥсуа бызшәа арҵаратә курсқәа еиҿкаауп. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит ахатәы школ "Александра" анапхгаҩы Алиона Габниаԥҳа."Агәыӷра сыман Тҟәарчалаа рбызшәатә ҭагылазаашьа еиҳа еиӷьуп ҳәа, аха уи гәыӷра мацаран иаанхеит. Есышықәса ашкол ахь инеиуа ахәыҷқәа абызшәа адырра еиҳа-еиҳа ихьысҳахоит", — лҳәеит лара. Габниаԥҳа лажәақәа рыла, иаадыртыз акурсқәа ирыдҵаало рацәаҩуп, урҭ разыҟаҵара ҩ-хәҭакны еихшоуп, рҵаратә программа акәзар — ихьанҭамкәа, ашьҭкаараз ирмариоуп, ирманшәалоуп. "Уажәазы аус рыдаҳулоит гәыԥк, иааиуа ԥхынгәымза инаркны даҽа ҩ-гәыԥк аус рыцура ҳалагоит мҩыбжьык ахь ҩынтә, сааҭк-сааҭк", — лҳәеит лара.
Аԥснытәи амузыкантцәа Сҭампыл имҩаԥыргоит аконцерт "Piano Duo & Orchestra".Рашәара 26 рзы асцена Inal Aydınoğlu Kültür Merkezi аҟны ҭырқәтәылатәи ахәаԥшцәа рҿаԥхьа иқәгылоит Аԥсны Жәлар рартист Нинель Бжьаниаԥҳаи Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Гәылиза Аҩӡԥҳаи. Урҭ рықәгылара Аԥсны Жәлар рартист Давид Терзиан напхгара зиҭо ареспублика Аҳәынҭқарратә камертә оркестр ацны имҩаԥгахоит.Аконцерт, иара убасгьы, иалахәхоит Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи рҟынтәи."Ҳара ҳзы ари ҭоурыхтә гастрольқәоуп. Сгәыӷуеит даҽазныкгьы ҳҟазара аарԥшра ҳалшап, ҭырқәтәылатәи ахәаԥшҩы игәы каҳмыжьып ҳәа", — азгәалҭеит Нинель Бжьаниаԥҳа
Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿы апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара рашәарамзазы 20% инареиҳаны иазҳаит.Афедералтә ҳазалхратә маҵзура адыррақәа рыла, лаҵарамза иаҿырԥшны рашәарамзазы апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара 23% ихалеит, атранспорттә хархәагақәа — 18%.Апроект уахыки-ҽнаки рыла 1,5 нызқь машьына рымҩасразы аушьҭратә лшара шамоугьы, уи есыҽны иахысуеит быжьнызқь инареиҳаны амашьынақәеи 30- нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыреи.Аамҭакала аушьҭырҭатә ҭыԥ аинфраструктура арҿыцрагьы мҩаԥысуеит.Афедералтә ҳазалхратә усбарҭа иазгәанаҭоит, Аԥсныҟа ацаразы ишыманшәалоу альтернативтә транспорт хкқәа — аихамҩатә, амшынтә, аҳаир еимадара. Аԥсны АҶА Аӷба маҷқәа рзы аҳәынҭқарратә инспекциа аусзуҩцәа Аҟәа амшын қәыԥшылараҿы аԥҳәыс деиқәдырхеит.Ари ҟалеит асааҭ 09:00 рзеиԥш Диоскуриа иахьаҵанакуа ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс".Аҳҭнықалақь аҿы инхо аԥҳәыс агаҿа дацәыхараны дыӡсо дцеит, уи анаҩс аӡымҩас дышьҭԥааны ахаҳәқәа дрыҵанагало иалагеит. Ацхырааразы аҿҭра далагеит. Аиқәырхаҩцәа ԥшра ҟамҵакәа инеины аԥҳәыс деиқәдырхеит. Тҟәарчал ақалақь аҿы аԥсуа бызшәа арҵаратә курсқәа еиҿкаауп. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит ахатәы школ "Александра" анапхгаҩы Алиона Габниаԥҳа."Агәыӷра сыман Тҟәарчалаа рбызшәатә ҭагылазаашьа еиҳа еиӷьуп ҳәа, аха уи гәыӷра мацаран иаанхеит. Есышықәса ашкол ахь инеиуа ахәыҷқәа абызшәа адырра еиҳа-еиҳа ихьысҳахоит", — лҳәеит лара. Габниаԥҳа лажәақәа рыла, иаадыртыз акурсқәа ирыдҵаало рацәаҩуп, урҭ разыҟаҵара ҩ-хәҭакны еихшоуп, рҵаратә программа акәзар — ихьанҭамкәа, ашьҭкаараз ирмариоуп, ирманшәалоуп. "Уажәазы аус рыдаҳулоит гәыԥк, иааиуа ԥхынгәымза инаркны даҽа ҩ-гәыԥк аус рыцура ҳалагоит мҩыбжьык ахь ҩынтә, сааҭк-сааҭк", — лҳәеит лара. Аԥснытәи амузыкантцәа Сҭампыл имҩаԥыргоит аконцерт "Piano Duo & Orchestra".Рашәара 26 рзы асцена Inal Aydınoğlu Kültür Merkezi аҟны ҭырқәтәылатәи ахәаԥшцәа рҿаԥхьа иқәгылоит Аԥсны Жәлар рартист Нинель Бжьаниаԥҳаи Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Гәылиза Аҩӡԥҳаи. Урҭ рықәгылара Аԥсны Жәлар рартист Давид Терзиан напхгара зиҭо ареспублика Аҳәынҭқарратә камертә оркестр ацны имҩаԥгахоит.Аконцерт, иара убасгьы, иалахәхоит Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи рҟынтәи."Ҳара ҳзы ари ҭоурыхтә гастрольқәоуп. Сгәыӷуеит даҽазныкгьы ҳҟазара аарԥшра ҳалшап, ҭырқәтәылатәи ахәаԥшҩы игәы каҳмыжьып ҳәа", — азгәалҭеит Нинель Бжьаниаԥҳа
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/17/1063871456_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_953b2e4e5857966ac9f9ef17fd39a212.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио