Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарцхьиаԥҳа еиҭалҳәеит агәам-сам кажьырҭа азҵаара еиҭа ауаа ргәы иҵхоны изыҟалаз

© Sputnik / Томас ТхайцукСариа Кәарцхьиаԥҳа
Сариа Кәарцхьиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәам-сам кажьарҭатә ҭыԥ азҵаара ҩаԥхьа ишьҭыхын Аҟәа имҩаԥысыз апресс-конференциаҿы. Уи иалахәыз Sputnik акорреспондент Сариа Кәарцхьиаԥҳа еиҭалҳәеит уаҟа иззаҭгылаз азҵаарақәа ртәы.
Кәарцхьиаԥҳа еиҭалҳәеит агәам-сам кажьырҭа азҵаара еиҭа ауаа ргәы иҵхоны изыҟалаз

"Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба адҵа ҟаиҵеит Алашарбага аҳаблан ауаа иахьырԥырхагам, агәам-сам кажьырҭаҟны ажра ҿыц ҟарҵарц, уи аамҭа иалагӡаны Гәылрыԥшь араион акажьырҭа ҭыԥ еиқәдыршәарц. Аҳәынҭқарра идҵала ажра ҿыц ҟаҵоуп, уи макьана ауаа ирԥырхагам, аха апресс конференциа иалахәыз аспециалистцәа иазгәарҭеит, Гәылрыԥшь иҟарҵараны иҟаз аусқәа шынагӡам, иара аҭыԥгьы шалрымхыц. Алашарбага аҳабла ауааԥсыра ари азҵаара ус иаанхар ҳәа ишәоит, агәынамӡарагьы рызцәырнагоит. Апресс-конференциа далахәын Пицунда инхо Александр Цеховои, иара агәам-сам азҵаара жәашықәса рыҩныҵҟа иҭыиҵаауеит. Цеховои иажәақәа рыла Аԥсны агәам-сам кажьырҭақәа рызҵаара аӡбаразы, иаҭахуп ашьха иахьаԥну аҭыԥ аҿы ҭыԥ ҿыцк азалхра, уи ашьҭахь ҳтәылаҿы иҟоу егьырҭ агәам-сам кажьырҭақәа рктәуп. Уи ҳаԥсабара ахьчаразы ихәарҭоу усны иҟоуп ҳәа иҳәеит иара", - азгәалҭеит Кәарцхьиаԥҳа.

Апресс-конференциа иалахәын Алашарбага аҳабла инхо ауаа, дара иазгәарҭеит агәам-сам кажьырҭатә ҭыԥ дара рзы ипроблема дуны ишыҟоу.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0