Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Какоба еиҭеиҳәеит Аԥсны абжьаратә-профессионалтә система аҩаӡара ашьҭыхразы иҟаҵоу атәы

© Sputnik / Томас ТхайцукАдгур Какоба
Адгур Какоба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москва имҩаԥысуаз аҵарадырразы жәларбжьаратәи асалон иабзоураны Аԥсны аҵаратә система аиӷьтәразы аус зыдулахо иҳәеит ҳтәыла аҵара аминистр Адгәыр Какоба арадио Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ Сусана Саӡԥҳа даниҿцәажәоз.
Какоба еиҭеиҳәеит Аԥсны абжьаратә-профессионалтә система аҩаӡара ашьҭыхразы иҟаҵоу атәы

"Ԥшьышықәса раахыс Москва имҩаԥысуа аҵаратә форум иалаҳгахьоу рацәоуп. Уаҟа ицәыргоуп Урыстәыла зегь аҟынтә аҵара системаҿы иҿыцу аԥшьагарақәа зегьы. Афорум аҿы ҳусура иабзоураны Урыстәыла ашәҟәҭыжьырҭақәеи ҳареи еизааигәоу аизыҟазаашьакәа ҳабжьаҳҵеит. Иахьа Урыстәыла иҭрыжьуа ашәҟәқәа, аԥсшәахь еиҭаганы уа иҭҳажьхьоу ыҟоуп, уи адагьы афорум аҿы иӡырыргоит еиуеиԥшым адидактикатә материалқәа. Убри аганахьала аиқәшаҳаҭрақәа ҳабжьаҵаны, абжьаратә профессионалтә система ашьҭыхраз сынтәа иҳауит 5 миллионк инарзынаԥшуа рыхә амаругақәа. Иаҳҳәап, иҷыдоу алабораториа аргылаҩ изы, аиха зырҭәуа рзы, афымцатә система аус адызуло уҳәа ԥшьзанааҭк рзы еиуеиԥшым алабоараториа иаахәан иҳазгылоуп. Иааиуа аҵарашықәс азы урҭ иқәзыргылаша, аус рыдызулаша ауаа аараны иҟоуп, уи ашьҭахь аҵара система иалагалахоит", - ҳәа азгәеиҭеит Какоба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0