Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аб Бассариан Амшаԥныҳәазы: аԥсра амч шамам арҵабыргуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАб Бассариан
Аб Бассариан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иаса Қьырса ииашаҵәҟьаны ибзахара ныҳәа дууп ақьырсиан динхаҵаҩцәа рзы. Урҭ ари амш иаԥылоит Ачгара ду хыркәшаны. Аԥснытәи аепархиа хада аиереи Аб Бассариан арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы ари аныҳәа ақьырсианцәа зегьы ирыдиныҳәалеит.
Аб Бассариан амшаԥныҳәазы: аԥсра амч шамам арҵабыргуеит

"Амшаԥныҳәа гәырӷьара дууп, ари амш азы зегьы аныҳәа иалахәзароуп, ауаҩытәыҩса дзыцәшәо аԥсра анихуеит. Аԥсыцқьа ауп изызхәыцтәу ари амш азы. Ари ҵакыс иамоу аԥсра уаҳа амч шамам ауп. Зегьы ишәыдысныҳәалоит ари амш дуӡӡа. Ичгазгьы, имчгазгьы, шәааи, ҳаицгәырӷьап ауахәамаҟны Амшаԥ аҽны. Ари амш зегьы рхы азырышьҭуа иҟалааит", - азгәеиҭеит Аб Бассариан.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0