Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷыҭанаа ахьа иаԥырхагоу ахәаҷазы: Аԥсны иҟоуп ҳәа ирҳәо иашам

© Sputnik / Томас ТхайцукСавели Ҷыҭанаа
Савели Ҷыҭанаа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа арадио Sputnik аҟны далацәажәеит ахьа ҵлақәа ықәызхуа ахәаҷақәа рганахьала аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Ҷыҭанаа ахьа ачымазара иазкны

"Аҵыхәтәантәи хәба-фба шықәса Аԥсны иқәнагалаз ахәаҷа хкқәа рхыԥхьаӡара 7 рҟынӡа инаӡоит. Ахьа зфо (урысшәала "орехотворка" ҳәа изышьҭоу) ахәаҷа Аԥсны иҟоуп,  амҽхак аҽарҭбаауеит ҳәа ицәырҵыз адырра ииашаӡам ҳәа сҳәар сҭахуп. Азҵаара анцәырҵ, абна ахылаԥшыҩцәа рыҟны, убасгьы акарантин усбарҭа аусзуҩцәа сразҵааит, урҭ агәра сдыргеит иахьазы иҟаӡам ҳәа. Ахьа аԥхасҭа азҭо ахәаҷа Аԥсны иалалар ҟалоит ҳәа ашәарҭара ыҟоуп, избанзар ҳгәыларатә Урыстәыла Шәача иахьаҵанакуца иара ыҟоуп", - иҳәеит Ҷыҭанаа.

Иара иахгәеиҭеит аҵла аилҩаара иалагаз ала уи ахәаҷа ааха анаҭеит ҳәа алкаа аҟаҵара иашам ҳәа.

"Аҵла арҩар алшоит сryphonectria parasitica ҳәа изышьҭоу акәыкәбаа. Уи акәыкәбаа крифонектриа Аԥсны 1930 шыкәсқәа раахижьҭеи иҟоуп, ахьа ааха анаҭоит, аилҩаара иалагоит.

Аха ахьақәа ауаа реиԥш рчымазара излаиааиша, рымч злаибырҭаша рымоуп. Сгәаанагарала, уажәазы аахак рымазаргьы, уи шьаҭанкыла иқәнагарым, иаиаап ҳәа, избанзар 30-тәи ашықәсқәа раахижьҭеи иҟоуп уи акәыкәбаа", - азгәеиҭеит Ҷыҭанаа.

Шәазыӡырҩы аудио арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0