Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: акультура, аспорт, аҟазара - уи ҳара ҳаԥсҭазаара.
Лаҵарамза 25 инаркны ессабша агәыҳалалратә фонд имҩаԥнагало акциа ззырхоу, насгьы уи хықәкыс иамоу атәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит агәыҳалалратә фонд "Ашана" аусзуҩ Асида Мархолиаԥҳа.
Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата инанагӡо аусура абзоурала Словакиантәи Аԥсныҟа иааны иҟан ажурналистцәеи атуроператорцәеи. Дара ҳтәыла шырбази уи ирызцәырнагаз агәаанагареи атәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата Адәныҟатәи аусқәеи аинвестициақәеи рыҟәша аиҳабы Кама Ҵәыџьԥҳа.
Иахьа Аԥсны ашколқәа зегьы рҿы игеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы. Аҟәатәи аԥшьбатәи абжьаратә школ аҿы рҵара хдыркәшеит 60-ҩык аушьҭымҭацәа. Дара дрыдныҳәало, ашкол адиректор Нонна Ломиаԥҳа иазгәалҭеит сынтәатәи аҵарашықәс аихшьаалақәа рыла аҵаҩцәа иаадырԥшыз аихьӡарақәа акырӡа ишеиҳау, ииасхьоу ашықәсқәа ирҿырԥшны.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: акультура, аспорт, аҟазара - уи ҳара ҳаԥсҭазаара.
Урыстәылатәи Аҳәынҭқарратә гуманитартә университет амагистрантцәа Москва иӡырыргеит Аԥсны иадҳәалоу архивтә документқәа. Иарбақәан урҭ, насгьы ҵакыс ирымоузеи - абри атәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит Милана Бжьаниаԥҳа.