Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҵәыџьԥҳа: Словакиантәи аԥсшьаҩцәа Аԥсныҟа раара азҵаара аӡбара азгәаҭоуп

© SputnikКама Цвижба
Кама Цвижба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата инанагӡо аусура абзоурала Словакиантәи Аԥсныҟа иааны иҟан ажурналистцәеи атуроператорцәеи. Дара ҳтәыла шырбази уи ирызцәырнагаз агәаанагареи атәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата Адәныҟатәи аусқәеи аинвестициақәеи рыҟәша аиҳабы Кама Ҵәыџьԥҳа.
Ҵәыџьԥҳа: Словакиантәи аԥсшьаҩцәа Аԥсныҟа раара азҵаара аӡбара азгәаҭоуп

"Раԥхьа инаргыланы дара ихнахит Аԥсны аԥсабара. Ҳара еиҿаҳкааит дара рзы атур, уа иалаҳкааит иҳамоу аҭыԥ ԥшӡарақәа зегьы, аҭоурыхтә ргыларақәа. Даараӡа иргәаԥхеит, аинтерес рызцәырнагеит, еиуеиԥшым азҵаарақәа ҳарҭон. Дара ргәы иҭоуп атуристцәа арахь радԥхьалара, раагара. Аха араҟа хадара зуа зҵаараны иҟоу авизоуп. Убри аҟнытә еиҿкаатәуп еилоу атурқәа Урыстәыла-Аԥсны. Дара ирзеиҭаҳәоуп аоккупациа зызуу адгьылҵакыра азакәан аус шауа, аха уи ԥырхага рызҭо акәны ирыԥхьаӡом. Ҳара ирзеиҭаҳҳәеит Аԥсныҟа иаар шалшо Урыстәыла мацара акәымкәа, Қырҭтәылангьы, аха уи ажәалагалак аҳасабала", - азгәалҭеит Ҵәыџьԥҳа.  

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0