Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арсалиаԥҳа "Интермузеи" азы: ахшыҩҵакқәа, агәҭак ҿыцқәа узцәырнагар алшоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа
Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа арадио Sputnik аҟны дазааҭгылеит Жәларбжьаратәи афорум "Интермузеи" Аԥсны алахәхара атәы.
Арсалиаԥҳа "Интермузеи" азы: ахшыҩҵакқәа, агәҭак ҿыцқәа узцәырнагар алшоит

"Ҳпавилион аҟны иӡыргоуп аԥсуеи аурыс шәҟәыҩҩцәеи ХХ ашәышықәсазы ирыбжьаз акультуратә еимадарақәа аазырԥшуа аҭоурыхтә фактқәа. Амузеи аусзуҩцәа шьыжьнаҵы инаркны аус руеит, иҟоуп авидеонҵамҭақәа, абуклетқәа, аӡыргаратә материалқәа рацәаны. Аҭааҩцәа аурыси аԥсуеи шәҟәыҩҩцәа реимадара иаҿырԥшны ирбар рылшоит ҩ-милаҭқ, ҩ-культурак шаҟа аҿиара аиуз иҳаҩсыз ашәышықәсазы. Ари аконцепциа амузеитә форум даара ианаалоит, избанзар амузеиқәа рацәаны иӡыргоуп, амилаҭқәа реимадара, реиҿцаара тема хаданы иҟоуп. Афорум хықәкыс иамоуп иалахәу шә-музеик рҟынӡа еицырзеиԥшу ауадаҩрақәа, аҿыцрақәа рылацәажәара", - лҳәеит Арсалиаԥҳа.

Аминистр агәыӷра аалырԥшит афорум иалахәу Гәлиа ихьӡ зху амузеи аусзуҩцәа аԥхьаҟа русураҟны  ихырҳагахо ахшыҩҵак ҿыцқәа, агәҭакқәа рызцәырнагап ҳәа.

"Интермузеи": Дырмит Гәлиа имузеи апавилион аартуп Москва

"Интермузеи -2019" Урыстәыла аҳҭнықалақь ацәыргақәҵатә зал "Манеж" аҟны иаатит лаҵара 30 рзы. Афорум мҩаԥыслоит рашәарамза ҩбанӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0