Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Мықәԥҳа анаркоманиа иазкны: сгәы ԥжәон ашкол дышҭаз идкылара далагеит ҳәа ансаҳауаз

© SputnikНаала Мукба
Наала Мукба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа телехәаԥшра ажурналист, анаркоманиа иазку адырраҭара "Независимость" автор Наала Мықәԥҳа Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит апроект аус адулараҿы иарбан уадаҩрақәоу илымаз, насгьы хаҭала лара илнаҭаз атәы.
Хра злоу ахҭысқәа: Мықәԥҳа анаркоманиа иазкны

Рашәарамза 26 адунеи аҿы иазгәарҭоит анаркотикатә маҭәашьарқәа ирҿагыланы ақәԥаразы амш. 

"Анаркоманиа апроблема иазкны адырраҭара ҳаналагоз, сгәы иаанагон ари атема атәы ззымдыруада ҳәа. Аха иара аҭҵаара уаналаго, иаҳа угәы узырхьуа, иԥызжәо афактқәа рацәаны иуаҳауеит. Сгәы сыхьит анаркотикқәа здызкыло рахьтә реиҳарак ашкол ишҭаз ауп раԥхьа рыдкылара ишалагаз анеилыскаа. Уи ахәыҷы иҭаацәагьы ирзеилкааӡом. Ҳәарада, апроект мацарала анаркоманиа изаиааиӡом, адунеи аҿы иҟоуп атәылақәа ари апроблемазы ҿыдала апрограммақәа аԥырҵоит, аҿагыларазы аресурсқәа рацәаны иақәдырӡуеит. Ҳара хықәкыс иҳамаз - иаартны анаркоманиа алацәажәароуп. Аҭаацәа адырраҭара ашьҭахь рхәыҷқәа гәцараркырц, иаҳа рхымҩаԥгашьа иацклыԥшырц. Ари апроект аҿаргьы иахәаԥшуан, убри сара сзы иреиҳау хәшьароуп", - ҳәа азгәалҭеит Мықәԥҳа.    

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0