"
Коӷониаԥҳа лымҩаду: Нанба алхрақәа ирызкны
Иахьа алхыҩк иаҳасабала исҳәоит макьана аӡәы ипрограммагьы ҳамбацт, уи сынтәа мацара акәым, уаанӡа иҟаз алхрақәа раангьы. Сара сгәы иҭоу абри ауп, излаҟасҵогьы, исыдгылоугьы ауаа абарҭ роуп, ҿҳәарс иамоугьы иҟасҵо абриаҟара ауп ҳәа иҳамбацт. Ҳара иаҳԥырхагоу ҳәа аӡәгьы дыҟам, ҳхала ҳхы ҳаԥырхагоуп. Мап зҳәада аҩныҵаҟа иҭышәынтәаланы иҟаларц, ишахәҭоу ҳанхарц. Ҳара ҳхы ҳаӷоуп акәымзар аӡәгьы даҳԥырхагам", -иҳәеит Нанба.
Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.