Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Какоба: ажәытә арҵаратә шәага-загақәа ҳарнымшәароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАдгәыр Какоба
Адгәыр Какоба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба ашықәсазтәи русура аҳасабрба иазкыз аминистрра аилатәараҟны иазгәеиҭеит школқәак рҟны аҭагылазаашьа бааԥси арҵаратә шәага-загақәеи еидҳәаламзароуп ҳәа.
Какоба: ажәытә арҵаратә шәага-загақәа ҳарнымшәароуп

"Аԥсны ашколқәа рҟны аҵара зларҵо апрограммақәа, ашәага-загақәа урыхәаԥшуазар, иҟалоит егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟны аҵаратә система иаҳа аҩаӡара ԥхьаҟа ицахьазар, ахԥатәи, аԥшьбатәи стандартқәа рыдыркылахьеит, урҭ рыла аус руеит. Иахьа ашкол аҭагылазаашьа бааԥсызар, уи арҵаратә шәага-загақәагьы ажәытә ишыҟаз иҟазароуп ҳәа аанагаӡом. Ус ҳааиуеижьҭеи акырҵуан, аиашазы, аха ари аҭагылазаашьа ҳзанышәаӡом. Иахьа даҽа ҭахрақәак ыҟоуп. Иара иахьа Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет аҟны ишьақәырӷәӷәоу ашәага-загақәеи ҳашколқәа рыпрограммақәеи ахьеиқәымшәо ыҟоуп. Ари аиԥшымзаара аԥыхразы иҟаҵатәу иҵегьы ирацәоуп", - ҳәа азгәеиҭеит аминистр.

Иаҳа инарҭбаау анҵамҭа шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0