Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Барганџьиа: америкатәи аԥарԥалыкь аанкыларазы ахәшәқәа хәыда-ԥсадоуп, ахәшәтәра - мап

© Sputnik / Томас ТхайцукЭдуард Барганджия
Эдуард Барганджия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистрра агрономиа аҟәша аиҳабы Едуард Барганџьиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит америкатәи аԥарԥалыкь аҟынтәи аԥхасҭа аанкыларазы иҟаҵоу.

Америкатәи аԥарԥалыкь ҳәа изышьҭоу аҵлақәа аԥхасҭа рызҭо ахәаҷа хкы ҳазыԥшӡамызт, аха амармалташьтә пты аҿагыларазы агәыразратә цхыраара аҳасабала жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи Урыстәыла Ақыҭанхамҩа аминистрреи рҟынтәи ареспублика иазоужьыз ахәшәқәа ақыҭанхамҩа араионтә ҟәшақәа рахь иҳашьҭит ҳәа адырра ҟаиҵеит Барганџьиа.

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Барганџьиа америкатәи аԥарԥалыкь аҿагылара иазкны

"Сынтәа ахәшә ҳшахьеит жәа-нызқь литра еиҳаны. Уи миллион гектар рҟынӡа инацны иақәҭәазар алшоит, араионқәа ишаны ираҳҭеит. Уи зхы иазырхәаз ыҟоуп, иҟазымҵаз, итәаны иԥшугьы ыҟоуп. Араион Ақыҭанхамҩа аминистрраҟынтәи ауаа ргәараҭақәа рҟны ахәшәтәра мҩаԥаагаӡом. Ахәшә хәыда-ԥсада ироуеит, аха уи ақәҭәаразы атрактор аԥара ахшәаатәуп. Ақыҭанхамҩатә техника араионқәа зегьынџьара ирымоуп, ахәшә ақәҭәагақәа рхианы 30 цыра рымоуп. Ақыҭанхамҩа абиуџьет аҟны ахәшәтәра ахә арбаӡам", - иҳәеит Барганџьиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0