Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габелиа Иури Воронов изы: раԥхьаӡа Аԥсуа Баагәара ду шьапыла иахысыз иоуп

© SputnikАлик Габелия
Алик Габелия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббрамза 11, 1995 шықәса рзы Аԥсны дшьын аҵарауаҩ ду Иури Воронов. Иара хаҭала дыздыруаз аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Алик Габелиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҵарауаҩ илагала атәы.
Габелиа Иури Воронов изы: раԥхьаӡа Аԥсуа ҭӡы шьапыла иахысыз иоуп

"Иури Воронов раԥхьаӡа акәны дыздырит сара археологиа снапы аналаскыз, усҟан иара аус иуан Ҵабал. Лассы-лассы археологцәа ҿарацәа дара ҳарҭаауан. Ирҿаҳҵаауаз рацәан. Иури Воронов иоуп Аԥсуа ҭӡы раԥхьаӡа, ашәага аашьҭыхны, шьапыла мацара иахысыз. Уаанӡагьы аӡбахә рацәан ари аҭӡы аҭҵаараҿы, аха уҳәан-сҳәан ҳәа акәын ишыҟаз, иара иҭиҵааит еиуеиԥшым абаашқәа, иахьагьы иаҿуп аҭҵаара. Иара иҟамзаара ҳара ҳусура ианыԥшуеит, иара еиԥш иҟоу аҵарауаа есышықәса ииуам. Иара раԥхьа инаргылан дҵарауаҩын, дархеологын. Кавказ зегьы аҿы еицырдыруаз ҵарауаҩын. Иара 90-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны иҟаз ахҭысқәа дрылагылан, аибашьраан Владислав Арӡынба дарӷьажәҩаны дивагылан. Иара дзыԥхьоз алекциақәа даара иҵаулан, дара ирзыӡырҩуаз иахьагьы иаҳгәалашоит. Воронов иҭахара ӷәӷәала ианырит Аԥсны, аԥсуаҭҵаара", - ҳәа азгәеиҭеит Габелиа.         

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0