Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ашәба еиҭеиҳәеит Таиф Аџьба ипремиа аиуразы шаҟа усумҭа ықәгылоу

© Sputnik / Томас ТхайцукАрда Ашуба
Арда Ашуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Таиф Аџьба ипремиа аиуразы иқәыргыло аусумҭакәеи, урҭ ралхшьа аԥҟарақәеи ртәы дазааҭгылоит акомиссиа ахантәаҩы Арда Ашәба арадио Sputnik аефир аҟны.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ашәба Таиф Аџьба ихьӡ зху апремиа аиуразы аҩымҭақәа ртәы

Таиф Аџьба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа хышықәса рахьынтә знык иршоит.

Аиндаҭларахь инагазар ауеит аԥсышәала иҩу, ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи ирызку, 2016 - 2018 шықәса рзы акьыԥхь збаз аҩымҭақәа (апоезиа, апроза, адраматургиа).

Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны
Таиф Аџьба ихьӡ зху апремиа агара алахәхаразы арзаҳалқәа рыдыркылоит

"Апремиа анашьара ҟалоит Таиф Аџьба даниз аҽны хәажәкыра 11 рзы. 2016- 2018 шықәса ирыҵаркуа, хышықәса ирылагӡаны акьыԥхь збахьоу ахәыҷқәа ирызку аҩымҭақәа ҳадаҳкылоит. Урҭ акомиссиа иалоу рыла акәымкәа аиҿкаарақәа, иаҳҳәап: агазеҭқәа, ажурналқәа, Амилаҭтә библиотека уҳәа рҟынтәи апремиа иаԥсоуп ҳәа иаарышьҭуа ашәҟәқәа роуп иҳадаҳкыло, автор инеиго акәӡам. Ашәҟәы иацзароуп аиҿкаарақәа рҟны ишалацәажәаз, ахә ҳаракны ишыршьо, ишаԥсоу атәы зҳәо аԥкаанҵа иалоу еиқәыршәаны инарышьҭроуп аусумҭа ахаҭа агәылаҵаны. Аҩымҭа аԥсышәала иҩызароуп, абызшәа ласызароуп. Аусумҭақәа иҳауз рҟынтәи хәыҷык иԥсыҽуп ҳәа иаҳԥхьаӡоз апроза аганахьала акы нҳажьит, апоезиеи адаматургиеи ирыҵаркуаз акомиссиа иалаз ахә ҳаракны иршьеит. Уажәшьҭа аԥхьаҩцәа, аинтеллегенциа, аҵарауаа ирыласҳәоит хымз аҽҳәара аҭаны аусумҭақәа иахцәажәаны алыргара акьыԥхь ианыларц, апремиа иаԥсоуп ҳәа ззырԥхьаӡо адырбарц. Аҩымҭа аԥсам ҳәа рҳәозар акомиссиа ахәаԥшуеит уи иҵоуроу мамзаргьы иҵоурамкәа азҵаара цәыргоу", -иҳәеит Ашәба.

Иара иазгәеиҭеит апремиа аиуразы зынӡа ҩ-усумҭак шракәу  иқәгылоу.

Таиф Аџьба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа аԥхьахә 2020 шықәса рзы 50 нызқьмааҭ артәоит.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0