Згәыхәтәы иахьырмыгӡаз апоет

© Foto / из личного архива семьи АджбаТаиф Аджба
Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иналукааша аԥсуа поет Таиф Аџьба диижьҭеи 80 шықәса аҵра инадҳәаланы уи иуаҩышәатә ҟазшьақәеи ирҿиареи дырзааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Абар 80 ааԥны мҩасит аԥсуа поезиа алирикатә хьыршәыгәқәа азызшаз апоет Таиф Аџьба диижьҭеи.

Згәыхәтәы иахьырмыгӡаз апоет

Акырынтә уи иԥсҭазаара ахҳәаа шазысухьоугьы, зегь акоуп еснагь ҵәахык сымоуп аԥхьаҩцәа рзы, убри аҟынтә, апоет ииубилеи аҽны сеиҭарзыхынҳәуеит зыҩны сынхоз, исыуаз ауаҩы изку схәыцрақәа.

Поэт Таиф Аджба на сухумском причале. - Sputnik Аҧсны
Амҩа иқәуп Таиф Аџьба ицәаҳәа

Апоет иԥеиԥшзаарын ауахҭа уадаҩ, иахьагьы иҟам уи ихабар, аха ҩныҵҟала еснагь гәыӷрак сныруеит, издыруада, зеиԥш ҟамло егьыҟам, мышкызны еилкаахар ҳәа гәымблыџьбарыла ақырҭуа фашизм ахаҭарнакцәа згәыхәтәы иахьырмыгӡаз апоет лаша илахьынҵа. Таиф Аџьба иҩымҭақәа ирлас-ырлас сызгәылаԥшуа рҿиамҭақәоуп, аха иаасыртыцыԥхьаӡа сатәнатәуеит уи ифлософиатә, иуаажәларратә, иара убас ибзиабаратә лирика. Адәахьала акыр иҭынчыз ауаҩы, ҩныҵҟала деилашуан, иҭра дыҭҟьаны иҭаҷкәым иҟьаргьы ауан амилаҭтә зҵаара ианазкыз.

Таиф иҩыза, иахьа зыдунеи зыԥсаххьоу апоет Рауль Лашәриа игәалашәарақәа рҿы уи иазкны иҩуан: "Мышрақә акәу, мыждарақә акәу сыздыруам, аха аредакциа ахыбра ҳналбаан амҩа ааихҵәаны, Хрисулараа ркаҳуажәырҭа ҳнадгылеит. Амшаԥы асабша анаԥырахо еиԥш, абраҟа даҳԥырахеит қырҭуа поетк (Рене Каландиа иоуп зыӡбахә имоу - Е. К.). Таиф акаҳуа игарц саԥхьа дгылоуп. Абри агыруа-ақырҭуа поет ҳахҭеикит:

– Вы разве поэты?! – иҳәеит иара.

– Я настоящий поэт. Многие ваши бездарные стихотворцы в моем доме побывали, ели, жрали, пили, а сейчас выпендриваетесь, пошли вы! – иҳәан даҽа ажәақәак нациҵеит Таиф. Лацәырӡсарак ахымҵӡеит, уи ақырҭуа поет, заамҭа "иаԥызгоз" аҟәада иҿашәы акаҭран кәамхь дықәжьын. Таиф иҭаҷкәым аус ауит, изымчҳаит тәамбашақә иаҳаз ажәақәа.

Аҩӡба Таиф Аџьба изкны: зыламыси зажәеи рыла зхатә баҟа зчаԥаз>>

Аибашьра иалагаанӡа акыр шықәса раԥхьа, апоет-афилософ заа инырхьан иахьатәи ҳаԥсҭазаара амалырқәа, убри азоуп уи "Атыша ахықәан" захьӡу иажәеинраалаҿы изықәиргылоз абас иџьбараз азҵаатәы:

Иаҳҿагылоз наҟ ҳариааины, ирыцәганы,

Иаҳкәаҳарцу ҳаԥсы зқәаҳҵоз уажә ҳааҳәны?!

Схаҿы исзаагом абри акәын ҳәа, ухаҵкы,

Зқьышықәсалатәи ҳаԥсҭазаара аҵакы...

Апоезиа иацәыхароу ауаҩы изы, агәра агарагьы уадаҩуп, ҳазҭагылоу аамҭа акыр иашьашәалоу аҭагылазаашьа автор ҳашьҭахьҟа инҳажьхьоу аамҭа харақәа рзы иаԥиҵеит ҳәа иоуҳәар.

© Foto / из личного архива семьи АджбаТаиф Аџьба арыӷьарахьала актәи
Згәыхәтәы иахьырмыгӡаз апоет - Sputnik Аҧсны
Таиф Аџьба арыӷьарахьала актәи

Апоет иԥсҭазаареи ирҿиареи уанрылацәажәо, иазгәоумҭарц алшом, адәахьала иҭынчыз, акыр иҭышәынтәалаз, аамысҭашәа ҟазшьа змаз илафгьы шыӷәӷәаз. Сара ибзианы исгәалашәалоит аҩны ҳанааилатәалак иҩызцәа ашәҟәыҩҩцәа рыҟаҵашьа шыҟаиҵоз, аха иара убри аамҭазы, знымзар-зны аӡәы изы бааԥсык иҳәо смаҳацызт. Таиф бзиа ибон аепиграммақәеи, алаф цәаҳәақәеи раԥҵара, еиҳаркгьы асовет аамҭазтәи аполитикцәа ирзикуан, аусураҿы уи азы лахь аниоуазгьы ыҟан.

© Foto / из личного архива семьи АджбаТаиф Аджба
Згәыхәтәы иахьырмыгӡаз апоет - Sputnik Аҧсны
Таиф Аджба

Абар Рауль Лашәриа ишигәалаиршәо урҭ аамҭақәа: "Схы сықәыжь Леонид Илиа-иԥа Брежнев ԥсаҭашкәакәа иажәахә аиҭагара сшаҿыз, Таиф дахьынтәааз сзымдыруа, ихы алаҟа, игәы алаҟа скабинет дныҩналан даасхаххит.

– Узҿу уаҟәыҵ, ҳредакциа аҵаҟа бродиагак жәеинраалак дааҟәымҵӡакәа даԥхьоит. Ауаа идеизаланы игылоуп. Куплетк ауп иҟоу. Еиҭаагар сҭахуп, – иҳәеит.

– Аӡә иуааҳәцәа ашьхаҟа ирԥшуан ҳәа сабоуго, аредактор илымҳа иааҭасыр ҳчамҩахә ааҿахиҵәоит, –сҳәеит сара… Ажәакала, ҳаицылбааит… Асаба иаганы иҟаз иарма напала ихылԥа кны, кыр мшы аӡы зымбацыз, алымт иаганы иҟаз ижакьа еиԥхьышьшьаауа уи "иажәеинраала" даԥхьон:

Хрущёв играет на гитаре

Брежнев пляшет гопака,

Всю Россию промотали,

Два Кремлёвских мудака

Абродиага ииҳәац иҳәон. Изыӡырҩуаз рнапқәа еинырҟьон. Ҳҽаанмырхакәа ҳусурахь ҳгьежьит. Абродиага ицәаҳәақәа иааинырсланы абасшәа еиҭаҳгеит:

"Хрушьов дыхәмаруеит агитараҿ,

Брежнев дарқамсоит гопак

Урыстәыла ахәдапара,

Хыржәеит Кремльтәи ҩ-ҽадак".

Абар ашәҟәқәа ирнымлац апоет алафи аирониеи зцу Аҟәа иалаз алақәа ирзикыз "Алақәа рашәа" захьӡу ажәеинраала:

Куба, Мексика, нас Чили,

Американтә иаауа,

Ҳара ҳауп зегь раԥхьа ирԥыло,

Ҳҵыхәақәа бӷьаауа.

Ҳазхараҵәҟьа ҳшьапқәа еиҵаҳхит,

Ҳазхараҵәҟьа ҳфеит.

Иҭабуп ҳәа ҳара иуаҳҳәоит,

Ақалақьтә совет…

Таиф ихы алаф ахҳәаарагьы мап ацәикуамызт, длафуан уи уаҩытәҩыса ишимбац. Апоет иҩызцәа зегьы ирдыруан иара дахьынхоз асасааирҭа "Абхазия" аҿаԥхьа инеиааиуаз атурист ҭыԥҳацәа рылаԥш шиқәшәоз, иаргьы романтикҵас урҭ аҭак шриҭоз.

апоет Таиф Аџьба - Sputnik Аҧсны
Таиф Аџьбеи "Аԥра шкәакәеи"

Таиф акыр изааигәаз ҩыза гәакьас имаз апоет Валери Касланӡиа иҩуеит: "Уара Таиф, ԥшра сахьала узлаҳаиӷьу ҳәа акгьы збом, нас уара еиҳа узыргәаԥхозеи, – ҳәа сихлафаауа сиазҵааит.

– Шәара ҽырҟәыш ҟаҵаны шәхы дшәырбоит, сара ҽыргаӡа ҟасҵоит, уи азоуп сара сзалырхуа, – иҳәан иаалырҟьаны иихәыцыз иажәа ихаҭа убысҟак игәы иаахәеит, ҳаҵкысгьы дарччеит".

Таиф ихатә архив аҿы инхеит Инга захьӡыз анемец ԥҳәызба изылыҩуаз асалам шәҟқәа, урҭ рцыԥҵәахақәа рылагьы еилукаауеит апоет иқәыԥшра аамҭазы аҭыԥҳацәа ргәы хызхуаз уаҩны дшыҟаз.

"Таиф! Угәхьааганы сыԥсуеит. Шаҟа исҭахыузеи сааугәыдыҳәҳәалан с-Инга ҳәа слымҳа унҭахәыҭҳәыҭыр! Есымша са сҟны уҟан усҟан. Уи аума ҽнак зынӡаск умцаӡеит аинститут ахь. Сара уи азын ҭабуп ҳәа уасҳәоит. Сара уара Аҟәа уахьыздырыз иабзоураны сыԥсшьарамшқәа лакә ссирк еиԥш имҩасит. Иахьа сара Лиаипцигҟа сани саби рахь сцоит. Сан илзеиҭасҳәоит адунеи аҿы зегь иреиӷьыз ауаҩи сареи ҳшеибадырыз… Улгәыдлыҳәҳәаалоит иуцәнымхо бзиа узбо у-Инга. 22. 10. 64 ш".

© Foto / из личного архива семьи АджбаПоэт Таиф Аджба (справа) с поэтессой Беллой Ахмадулиной и писателем Виталием Амаршан
Згәыхәтәы иахьырмыгӡаз апоет - Sputnik Аҧсны
Поэт Таиф Аджба (справа) с поэтессой Беллой Ахмадулиной и писателем Виталием Амаршан

Таиф иҭаацәеи иареи асовет аамҭазтәи Аԥснытәи аинтеллигенциа шынхоз инхон, ԥсуаҵас иаҳҳәозар, рҳаи рҷышьи еиԥшьны, аха ус акәзарагьы, сара исгәалашәом саҳәшьа Риммеи иареи еиқәгәамҵуа. Исыздыруам шамаха даҽа ҭаацәарак, абас ҳәоуеиқәшәарыла инхоз. Таиф иҩны изалхыз икабинет дыҩнатәаны акыр ихы аус адиулон. Усҟан уи ихшара Алисеи Алиаси ирдыруан рыбжьы рдуны ахәмарра ишаамҭамыз.

Зны заҵәык избахьан Таиф дгәамҵны ахәыҷқәа дрықәҵәҟьо. Уи 1989 шыкәса аиласрақәа аныҟаз акәын, ахәыҷқәа аҩнашә аркра рхашҭит. Таиф "ишшәарҭоу шәымбаӡои" иҳәан даарықәҵәҟьеит, амала ибжьы мырдукәан. Саҳәшьа уи аамҭазы Москва дыҟан, нас иара ахәыҷқәа аашьҭихын Аҷандараҟа машьынак ала игеит, ианцоз "Акьыԥхь аҩны" аԥхьа изықәтәаз рмашьына ақырҭқәа шаххысаауаз цәгьала ирыцәцеит. Ашьҭахь иара дгьежьит Аҟәаҟа амшын транспортла, аилаҩеиласра длақәшәан, аҳаиртә баӷәазахь дагеит. Данааи исеиҳәеит, дзықәшәаз, дзыниаз, Бабышьратәи аҳаиртә баӷәазаҟынтә шьапыла дшааз. Даара дгәамҵны дыҟан "арҭ алахшақәа ҳара ԥсҭазаара ҳарҭом" иҳәеит аҩны данааҩнашыла. Ихшара акалашәа дрыхӡыӡаауан иара, Алисеи Алиаси ирызку иажәеинраалаҿы апоет иҳәоит:

Шәааи ҳаиԥхныҩлап ҳамҭакы,

Ҳаимҵакьачап нас,

Шәааи, ҳаихәмарп ҳнапқәа еибаркны,

Шәааи – абас, абас!

Иҭаацәа ҟәымшәышәрыла дшырзыҟоу рныԥшуеит уи Москва иреиҳау алитературатә курсқәа рҿы аҵара аниҵоз ирзиҩуаз исалам шәҟәқәа. 1983 шықәсазы "Салам шәымаз игәхьаазго сҭаацәа" ҳәа хыс изиҭаз исалам шәҟәы иаҳәоит: "Сара аӷьараҳәа сыҟоуп, аҩныҟа зегьы шәыгәхьаагарада хьаа сымам, хьҭа сакуам, мла сакуам, аус зуеит схазы, уажәшьҭа еиҳа сыхшыҩ цқьахо, аусура сыцааиуа иалагазшәа збоит. Ноиабр азы мчыбжьык ҳаурыжьуеит, аха анеира иаԥсам, ахарџь мыцхәуп. Шәара шәыбзиазааит сара сзымнеиргьы, аӡын усгьы снеиуиет хымԥада. Шәышԥаҟақәоу уахь зегьы, агәылацәа сысаламқәа рыҭ. Алиас иацы саниацәажәоз сшыгәхьааигоз иҳәеит, сгәы дырԥшааит Алисагьы иаргьы, сылаӷырӡқәа аахадыҟәҟәалеит, рыԥсынҵры духааит….".

© Foto / из личного архива семьи АджбаТаиф Аджба с супругой Риммой Когония
Згәыхәтәы иахьырмыгӡаз апоет - Sputnik Аҧсны
Таиф Аджба с супругой Риммой Когония

Ирацәоуп апоет ирҿиараҿы абзиабаратә мотивқәа, зеиҭаҳәара уадаҩу ацәаныррақәа поетикатә бызшәала ихырҷаны иахьааирԥшуа, иара иҳәоны исмаҳацызт, аха "Аелегиа" захьӡу иажәеинраала сахәшьа Римма илызкушәа сгәы азҩоит:

Ԥшьаала ашәшьыра зхало ашьац уарҳалаҿ,

Сыштәагәышьоу, сӡышӡа сышланы,

Хәылԥазык ашьшьыҳәа сашҭа бҭалашт,

Анаҟә хьшәашәа иналԥхаз шәахәаны…

Апоет Таиф Аџьба ирҿиараҿы иалыскаауа сазааҭгылозар, исҳәарц сҭахуп афилософиатә, ауаажәларратә лирика акыр изықәҿиаз иоуп ҳәа. Зегьы ираԥнагоит "Ҳаԥсҭазаара" захьӡу аԥсуаа ҳфилософиа иазку иажәеинраала:

Ҳа ҳиит ахақәиҭраз абраҟа, ҳәарада,-

Ҳҭаӡаҵәҟьом уи автор хаԥыза имацәаз:

Ҳақәԥоит, ҳацәқәырԥоит, ҳаилашуеит еиқәтәарада-

Ҳахьынӡаҟоу(ҳаҟазар!)- ҳаҟоуп абас!

Таиф ихаҭа иҩымҭақәа рҿы ишазгәеиҭоз еиԥш, дықәын адунеи "аиаша иҽаршьны". Дыҩуан игәы ишиҵанаҳәоз, асоветтә кониунктурахь дхьаԥш-кәаԥшуа акәымкәа:

Саныҟамгьы ирҳәааит:

Дзышьҭазоуп дзыниаз!

Аиаша дачычан,

Аиашоуп дызгаз

Аибашьра аамҭазы апоет Аҟәа иҟазаара иазкны зны-зынла еиуеиԥшым ацәажәарақәа цәырҵуеит, иҟоуп изҳәо "далҵыр акәын" ҳәа. Ииашоуп, ахеиқәырхаратә инститнкт бзианы измоу ииашаҵәҟьаны ахыхьчара, ахеиқәырхара иҽазикуеит, аха сара издыруаз Таиф санизхәыцуа иџьасшьаӡом уи Аԥсны аҳҭнықалақь "Аҟәа, Тҟәаԥс, Анаҟәаԥиа" ҳәа ашәа ззиҳәоз ааныжьра иара изы ԥсрак ишаҩызаз.

© Foto / из личного архива семьи АджбаПоэт Таиф Аджба
Згәыхәтәы иахьырмыгӡаз апоет - Sputnik Аҧсны
Поэт Таиф Аджба

Апоет аибашьра анцоз ииҩыз амшынҵа аҭоурых азы хәы змам документуп, уи амшынҵаҿы Таиф ихаҭа аҭак ҟаиҵоит Аҟәа иаанхара иазкны: "Иахьа Аԥсны зҭагылоу адрама сахьаркырала аарԥшра мышкы-зны иаиуп уеизгьы. Аҭоурых ҭоурыхуп, ицәгьа-ибзиа иааҟало зегь гәынкылатәуп, ианҵатәуп аҭоурых азы, анаҩстәи абиԥара рзы. Урҭ зегь рдыруазароуп. (Сентиабр 3, 1992 шықәса). Аҟәа сахьаанхаз ганкахьала ибзиоуп, сыблала избоит Аҟәеи уи иаланхо аԥсуааи ирыхҭырго. Ари зыблала изымбо, изхызымго еиҭаҳәашьа имам, убысҟак игәыҭшьаагоуп. Урҭ иагьа цәгьара ҟарҵазаргьы Анцәа ишьаӡа-гәаӡаны ирҿихып ҳәа агәыӷра сымоуп, урҭ иҟарҵо агәнаҳа рхьымӡар аушам. (сентиабр 23, 1992 шықәса) ".

Аргәынԥҳа Таиф Аџьба ииубилеи иазку аспектакль азы: амшынҵа ахьӡ амазаауеит>>

Сынтәа 80 шықәса зхыҵуа апоет Таиф Аџьба ҳтәылаҿы дӡыргам ҳәа аҳәара уадаҩуп, аха иазгәасҭарц сҭахуп, уи иҩыза Рауль Лашәриа ишиҳәаз еиԥш "ипоезиа иахәҭаҵәҟьоу ахәшьара амаӡам" ҳәа. Макьана ицәырымҵыц апоет ирҿиара аԥсуа поезиаҿы ҭыԥс иамоу, уи ипоетика аҟазшьа ҷыдарақәа аазырԥшуа алитератураҭҵааратә усумҭа. Акы заҵәык, сгәы иаангоит апоет гәадураны изыҟалон иҩымҭақәа ирызҿлымҳау аԥхьаҩцәа иахьагьы ишыҟоу, иара убас, ашәҟәыҭирҭақәа рҿы ишәҟәқәа шьҭаханы ишыҟам идыруазҭгьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0