Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҵәыџьба Гагра араион ахақәиҭтәра амш азы: ҳгәырӷьара алахьеиқәрагьы ацуп

© Sputnik / Томас ТхайцукГеннадий Цвижба
Геннадий Цвижба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Геннади Ҵәыџьба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рҟынтә Аԥсны мраҭашәаратәи араион ахақәиҭтәра 27 шықәса ахыҵра сынтәа ишазгәарҭо, усҟан игаз аиааира аҵакы атәы.
Ҵәыџьба Гагра араион ахақәиҭтәра амш азы: агәырӷьарагьы алахьеиқәрагьы ацуп

"Гагра араион ахақәиҭтәра иадҳәаланы ашколқәа рҟны аиԥыларақәа еиҿкаан, иҟоуп аветеранцәа урҭ ирықәшәаз, ирылахәыз. Аветеранцәеи араион аҿари еивагыланы, амза хәба рзы абираҟқәа ирыҵагыланы, Ԥсахарантәи Ԥсоунӡа шьапыла аныҟәара "Ахақәиҭра амҩала" ҳәа акциа мҩаԥыргеит. Иахьа Гагра Аиааира ашҭаҟны аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ҳаибашьцәа рбаҟа амҵаан ашәҭқәа шьҭарҵеит араион ауааԥсыра, аветеранцәа, хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз. Ахәылбыҽха асааҭ 5 рзы иҟалоит аныҳәатә концерт, уи ашьҭахь, хымԥада, ҳветеранцәа рзы ачеиџьыка еиҿкаахоит. Иахьа иазгәаҳҭо Гагра араион ахақәиҭтәра агәырӷьарагьы алахьеиқәрагьы ацуп. Гагра ахақәиҭтәразы ажәылараан 58-ҩык ҳацәҭахеит. Ҳҭоурых аҟны ари ажәылара аиаарахь ҳкылзгараны иҟаз, раԥхьаӡа амҩақәа аазыртыз ауп", -ҳәа азгәеиҭеит Ҵәыџьба.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0