Аибашьра иаӡрыжәаз ақәыԥшра

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаҬемыр Ажьиба
Ҭемыр Ажьиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 15-16-тәи ажәылара, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҟны, ишьаарҵәыроу, илахьеиқәҵоу рыцхәны иаанхоит.

Арҭ амшқәа рзы, Гәымсҭа аӡиас ирны, аԥсуа еибашьцәа рҽазыршәеит аҳҭнықалақь Аҟәа агаразы ажәылара амҩаԥгара. Аха ақырҭуа мпыҵахалаҩцәеи дареи рымчқәа еиҟарамхеит. Гәымсҭа ахықәан рыԥсҭазаара ҿахҵәеит 222-ҩык ҳҵеицәа, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Хәажәкыратәи ажәылара, иаӡрыжәит иалахәыз аибашьцәа, дара уи аԥышәа рхы иадырхәеит ԥхьаҟатәи ажәыларатә аоперациақәа рҟны. Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аналага, аԥсадгьыл аиқәырхаразы зыжәҩахыр еибызҭаз аибашьцәа рыгәҭа иалагылеит, зынӡа иқәыԥшыз, 16 шықәса зхыҵуаз арԥарцәагьы.

Урҭ дреиуан, Мгәыӡырхәа ақыҭан ииз иааӡаз, Гагратәи абжьаратәи аԥсуа школ №5 1992 шықәсазтәи аушьҭымҭа Ҭемыр Ажьиба.

ОВНА - Sputnik Аҧсны
Оҭырба: Марттәи ажәылара ашьҭахь аӷа еиликааит ҳамчқәа зеиԥшраз

"Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аналага, иахьеиԥш ибзианы исгәалашәоит. Аԥхынтәи амшқәа Мгәыӡырхәа исхызгон. Сҩыза ҷкәын Рауль Симониеи сареи ианду дҵас иҳалҭеит Гәдоуҭа ҳцаны ашьақар ааҵәак ааҳхәарц. Лара лхатә машьына лыман. Ацԥхақәа ҳаҭаны ҳлышьҭит. Ҳаргьы ҳгәырӷьаҵәа ҳҩақәтәан, ҳҿынаҳхеит. Гәдоуҭа ҳалалаанӡа, Урыстәылатәи арратә базаҟнытә аԥсуаа гәыԥҩык абџьар адәылгара ишаҿыз ҳаҳаит, аибашьра шалагазгьы, убраҟа иаҳдырит", — игәалаиршәоит Ҭемыр Ажьиба.

Аибашьҩы қәыԥш иҩызеи иареи ирылдыршеит рыцԥхьаӡа автоматқәа агара. Анаҩс, Рауль Симониа Мгәыӡырхәаҟа дцеит, Ҭемыр Гагратәи ахырхарҭахь.

"Сабџьар сыманы Бзыԥҭатәи ахыхьчаратә хырӷәӷәарҭахь сааит. Араҟа, автомат ахьсымаз уамашәа ирбеит, ԥыҭҩыкгьы рҽазыршәеит исымырхырц. "Уара ухәуҷуп, аҩныҟа уца, абџьар уеиҳабацәа ирыуҭароуп", ҳәа. Сара аӷацәа сырҿагыларц ӡбаны исыман аҟынтә, автомат аӡәгьы исымҭеит, Мгәыӡырхәаҟа сцеит. Уантәи еибашьра идәықәло срыцлоит ҳәа", — еиҭеиҳәоит Ҭемыр.

Аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы иҭахаз рахьтә Жьиаа ҟалеит. Ҭемыр иаб иашьцәа иара иакәыз џьшьаны ақыҭахь инеит. Усҟан иангьы Гагра далаханы дыҟан, аха ирулак далганы дыргеит.

"Сыԥсы ҭаны санырба, саб иашьцәа ргәы дырҭынчит, аха нас исацәҳауа иалагеит, уқәра маҷуп, аибашьрахь усс умаӡам ҳәа, изысымуаз мчыла автомат сымырхит. Саб иашьа иҷкәын Димеи сареи Москваҟа ҳдәықәырҵеит. Ҳара еиқәлацәаз ҳакәын. Шәача ҳаннеи, Дима иҽӡаны Гаграҟа дхынҳәит. Сара мызкы ашьҭахь Аԥсныҟа сааит", — иҳәоит аибашьҩы.

Аҩныҟа даныгьежь, Ҭемыр иҭаацәа Гәдоуҭа аҳәынҭавтоинспекциа аҟәшахьы аусура даладыргарц рыӡбеит, аибашьра дымцарц азы. Аха иара, маӡала, аԥсшьарҭа ҩны "Волга" аҟны аимадаҩцәа ахьазыҟарҵоз агәыԥ ахь дныҟәо далагеит. Мышқәак рышьҭахь, арациа ахархәашьа аниҵа, Сергеи Матосиан командаҟаҵаҩс дызмаз, Гагратәи ахәбатәи абаталион далалеит. Ус еибашьра дцеит. Хымԥада иҭаацәа ирамҳәакәа.

"Сҭаацәа аҩныҟа смаауашәа анырба, исышьҭаланы Гәдоуҭаҟа ицеит. Уи нахыс еилыркааит, мчыла саанкылара шалымшо. Мызкы анҵы, ҩаԥхьа сан Гәдоуҭа даннеи, арациала ҳаицәажәартә еиԥш алшара ҳауит. Сыбжьы анлаҳа, маҷк лыҽлырҭынчеит", — игәалаиршәоит Ҭемыр.

1992 шықәса, хәажәкыра 15-16-тәи ажәылара ираԥхьатәихеит 16 шықәса зхыҵуаз, ашколтә ҟәардә ианыҵны, акалам автомат иаҭнызԥсахлаз арԥыс.

Леон иорден занашьоз Амиран Берзениа - Sputnik Аҧсны
Аҳәынҭқарратә хшыҩи, алидертә ҟазшьақәа змаз аибашьҩы - Амиран Берзениа

"Хәажәкыратәи ажәылара наунагӡа сгәаҵаҿы ихьаа дуны инхоит. Исгәалашәоит, аҵхыбжьон ҳаибашьцәа ргәыԥк аӡиас ишырхьаз. Дара аӷа адгьыл иҵеиҵахьаз арҭҟәацгақәа ирхаԥжәеит. Аԥсцәеи ахәцәеи рацәаҩхеит. Ҳаргьы ҳгәыԥ аҽазышәара мҩаԥнагеит Гәымсҭа арразы. Изызӡарызеи иҟалеит мап ацәызкызгьы. Аха иҳацыз амедеиҳәшьа, Аԥсны Афырхаҵа Инга Барцыцԥҳа, аӡы иалагылаз аҭӡы дҩықәгылан, аибашьцәа иаарықәҿылҭит ԥхьаҟа шәеихароуп ҳәа. Аиашазы, лара аибашьцәа зегьы ргәы шьҭылхит, агәшәара змазгьы ршьапы иқәлыргылеит. Раԥхьаӡа аӡиас ирызгьы лара дыруаӡәкуп", — хәажәкыратәи ашьыжь игәалаиршәоит Ҭемыр.

Аӡиас ианыр, Ҭемыр рациала аӡәгьы иҽизимамдеит. Ақырҭцәа ацәқәырԥақәа еилархәо иалагеит.

Аибашьра уаанӡа Ҭемыр иҩызцәеи иареи хәмаррак аҳасабала ирыдыркылозтгьы, уи аҽны, 16 шықәса зхыҵуаз аибашьҩы ибеит иацыз аҵабырги ахлымӡаахи. Зехьынџьара арԥыс ила иҵашәон аԥсцәа, ахәцәа, зымаха зышьаха ҿахҵәаны игәаҟуаз.

"Схы ахьызгаша сзымдыруа сышгылаз, сылаԥш дыҵашәеит зшьапы ҿахҵәаз, ахьаа иаргәаҟуаз аибашьы. Иара сааиԥхьан, исиҭеит инапы иакыз автомат. Ари уажәшьҭа сара схы исзарахәом, уара иумаз наҳәаны. Изласылшоз ала, еиҳа ишәарҭадаз аҭыԥ ахь сааихеит, уи ашьҭахь иразҟхаз сгәалашәом. Акы заҵәык издыруа, Афонтәи ажәылартә гәыԥ дшалаз ауп. Анаҩс ҵлак славатәан, автомат арыцқьара салагеит. Аибыҭара сшаҿыз, иахьынтәааз сызгәамҭеит, еихыршәшәа иахьықәыз ахы ақәшәеит. Саргьы смышьхәылҵ аацәнаҟьеит. Иара уи автомат, аибашьра нцәаанӡа снапы иакын, ахҩа ахы шалсызгьы", — иҳәеит аибашьҩы.

Хәажәкыратәи ажәылараан Ҭемыр Ажьиба иажәақәа рыла, аԥсуа еибашьцәа аԥышәа ду шрымамызгьы, ирылшаз даара ирацәоуп. Усҟантәи аамҭазы, зегьы иаарылыҩҩит агәыԥ "Ураган-Сатурн" аӡбахәгьы, иара убас Гена Григолиа напхгара зиҭоз агәыԥгьы. Арԥарцәа хамеигӡара ҟамҵакәа, аҵыхәтәанынӡа аӷа ихымца иаҿагылан.

Хәажәкыратәи ажәылара ашьҭахь Ҭемыр диасит иҩыза Рауль Симониа дызлахәыз, аминаршәга иадгылаз аԥхьаӡаратә гәыԥ ахь. Уи командаҟаҵаҩс даман Гена Лакоиа. Дара Аладатәи Ешыра иҟан, анаҩс ииаргеит Аҩадатәи ахь.

"Цугуровка аҳаракыраҟны ҳшыҟаз, Владислав Арӡынбеи саб иашьа Едуард Ажьибеи Апполон Шьынқәбеи уахь ихалеит. Ԥыҭраамҭак ицоз аиҿцәажәарақәа рышьҭахь, Едуарди Апполони Аҳабҩык ахырхарҭахь идәықәлеит аԥшыхәразы. Саргьы, саб иашьа сицны сцарц сыӡбеит, аха иара имуит.

Ԥыҭраамҭак ааҵуаны, ԥсшьара ҳәа ҳаибашьцәа ахьтәаз ахыбрахь санлыбаа, абзарбзан аршәгатә архәҭа акомандаҟаҵаҩ, Аслан Кобахьиа иахьиҳәоз саҳаит, Едуард Ажьиба дҭахеит, Апполон Шьынқәба ӷәӷәала дхәуп ҳәа. Ари ааха духеит сара сзы. Еснагь сызҿыԥшуаз, сзықәгәыӷуаз саб иашьа дсыԥхеит. Сгәи сылаӷырӡи еилаҵәо Мгәӡырхәаҟа сыршьҭит", — еиҭеиҳәоит Ҭемыр.

Рауль Смыр еиҭеиҳәеит арҭ амшқәа раан аҭагылазаашьа зеиԥшраз - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аибашьҩы: Марттәи ажәылара иалахәыз ауаа маҷхеит

Аԥсны Афырхаҵа Едуард Ажьиба данҭаха ашьҭахь, Ҭемыри иаб иашьа иԥа Димеи ҩаԥхьа, Гагратәи абаталион ахь игьежьит. Дара ишрыцыз ауп, Аҟәа Аиааирамшгьы ишаԥылаз.

Аибашьра ашьҭахь, Ҭемыр иҭаацәа, аҵара ҵара Санкт-Петербургҟа дрышьҭит. Уаҟа дшыҟаз игәабзиара уашәшәырхо иалагеит.

"Лассы-лассы сыбла ихгылон аибшьара амшқәа, еиҳарак хәажәкыратәи ахҭысқәа. Урҭ сышрызхәыцуаз, иаалырҟьаны сыхцәа каԥсо иалагеит. Зҿы саангылоз сашьа, апрофессор, аԥсихолог дидыруан. Аҩныҟа ааԥхьара ииҭан сиирбеит. Аҳақьым сгәы иҵхоз зегьы сирҳәо далагеит. Анаҩс сыхәшәтәра иҽазишәеит. Аиашазы, уи даара иҭабуп ҳәа иасҳәоит аԥсҭазаарахь сахьирхынҳәыз азы", — аибашьра ашьҭахь игәабзиара ашьақәгылашьа далацәажәоит Ҭемыр.

Ҭемыр Ажьиба иҵара даналга Аԥсныҟа дхынҳәит, аашықәса инеиԥынкыланы аус иуит аԥсуа телехәаԥшраҿы, операторс.

Иахьа ахатә наплакҩыс дыҟоуп. Дҭаацәароуп, ҩыџьа ахшара драбуп.

Аибашьра иаӡрыжәыз, зықәра иаҵанамккәа изызҳаз Ҭемыр, 24 шықәса раахыс хәажәкыра 15-16-тәи ахҭыс игәалаиршәоит, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан аҵак ду змаз арыцхә акәны. Ҭемыр Ажьиба аибашьра ашьҭахьгьы дрылан мрагыларатәи аҳәаа зыхьчоз аԥсуа еибашьцәа.

Ианашьоуп "Кәыдрытәи аиҩхаа аҭарцәразы" амедал.

Ажәабжьқәа зегьы
0