Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷыҭанаа "Лыхнашҭа" азы: аҿар рзы лшара бзиоуп ҳмилаҭтә ҵас, қьабз лабҿаба абара

© Sputnik Айнар Читанава
Айнар Читанава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лыхны ақыҭан аҽаҩраныҳәа шымҩаԥысыз, иаҳа иара дзызҿлымҳаз атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа.
Ҷыҭанаа "Лыхнашҭа" азы: ҳҵас, ҳқьабз иаҵанакуа лабҿаба иубартә алшара ыҟоуп

"Хаҭала сара раԥхьаӡа схы аласырхәит Лыхны ақыҭан ҽаҩраҭагалара аныҳәа, избаз, исаҳаз исгәаԥхеит, агәахәара ду снаҭеит, избанзар аԥсуара аҵас, ақьабз ахшыҩзышьҭра аҭаны еиҿкаан. Ирацәан аԥсуа милаҭтә хәмаррақәа. Ақыҭақәа ицәырыргеит раалыҵ, убасгьы ирацәан ашәарыцара иадҳәаланы иӡырыргаз. Аҭааҩцәа акыр азҿлымҳара арҭеит Анхуа ақыҭа аҟынтәи ашәарыцаҩ иикыз аԥшаргә еиқәаҵәа (урысшәала –гриф). Иара шәагаала сара исаҟаран сҳәар сылшоит. Лыхнашҭа имҩаԥгаз аҽаҩраныҳәа даҭааит Аԥсны ахада, аиҳабыра ахаҭарнакцәа. Дара  ақыҭақәа  раалыҵ ахьӡырыргаз инеит, ачеиџьыка агьама рбеит. Аныҳәа аиҩызаратә еиԥыларак еиԥш аԥхарра аҵаны имҩаԥысит. Ақыҭақәа досу рчеиџьыка анцәырырга еиҭанаиааит, аныҳәаҿақәа шьҭырхит. Аныҳәа имаҷымкәа Урыстәылантәи асасцәагьы аҭааит, ирбаз-ираҳаз џьаршьон. Сара хаҭала схазы ажәытә аԥсуа хәмаррак алыскааит аныҳәаҟны, уи алабақәырс ауп. Аԥҟарақәа мариоушәа убоит, аха уазыҟамҵазар, иаразнак узыхәмаруам, схаҭа агәра згеит. Ахәмарра иалахәыз зыуаҩыбжара иҭысхьоу ракәын, аиааира игеит Лыхны ақыҭа инхо Нури Камлиа. Ажәакала, Лыхны иахьа сызлаԥшыз аныҳәазы исҳәар сылшоит аҿар рзы ишылшара бзиоу ҳмилаҭтә ҵас, қьабз иаҵанакуа иаҳа инарҵауланы, инарҭбааны лабҿаба абара", - иҳәеит Ҷыҭанаа.

Аҽаҩра аныҳәа традициала есышықәса Лыхнашҭа имҩаԥыргоит. Ақыҭауаа ицәырыргоит аҿамаҿа иҭаргало ахкқәа зегьы, амилаҭтә чысқәа ҟаҵаны асасцәа ааԥхьара рырҭоит, имҩаԥысуеит аҽырыҩрақәа, аҽырхәмаррақәа, авокалтә-инструменталтә ансамбльқәа рықәгыларақәа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0