Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Сақаниа арепрессиақәа раан иҭархаз рыхьӡала амузеи азы: исабаԥуп, рыԥсы арҭынчуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСлава Сакания
Слава Сакания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажурналист, ауаажәларратә усзуҩ Виачеслав Сақаниа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит 1930-тәи ашықәсқәа рзы аполитикатә репрессиақәа раан иҭархаз рыхьӡала амузеи Гагра аргылара ахшыҩҵак шцәырҵыз.
Сақаниа арепрессиақәа раан иҭархаз рыхьӡала амузеи азы: исабаԥуп, рыԥсы арҭынчуеит

"Аԥсуаа ирлахьынҵахеит 1930-тәи ашықәсқәа рзы харада ахара рыдҵаны иҭадырхо. Усҟан иҟаз ахҭысқәа ҳҿар ибзиаӡаны ирдыруазароуп, аҭоурых змам милаҭны изыҟалаӡом. Гагра ақалақь аҟны амузеи аиҿкааразы азҵаара ықәгылоижьҭеи 30 шықәса ҵуеит. Ақалақь уахьналсуа амшын аҟәараҟны аҳ  Никәала ихаан идыргылаз ажәытә хыбраҟны аҽқәа ахьҭаркуаз, 1930-тәи ашықәсқәа рзы ҳауаажәлар дырҳәацәон, иҭаршьуан. 2008 шықәсазы Гагра ақалақь ахадара ақәҵара рыдыркылеит уаҟа амузеи ҟаларц. Убасҟан иалхын Аԥсны Афырхаҵа Рудольф Алшәындба ихадарала амузеи аиҿкаара знапы ианырҵыз ауаа. Сынтәа ус ҳаӡбеит ари амузеи Аԥсны аполитикатә репрессиақәа раан иҭархаз зегьы рыхьӡала иргылазарц. Араионқәа зегьы рхадарақәа ҳрыдҵаалеит, ари ахшыҩҵак зегьы еицҿакны иадгылеит, иахаҵгылеит Аԥсны анапхгарагьы. Агәалашәара амш аҽны зегьы ҳаизеит. Ҳаидгыланы ари аҭыԥ аҟны досу иҳалшо ҟаҳҵар, иаҳа исабаԥуп ҳәа ҳгәы иаанагеит", - иҳәеит Сақаниа.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0