Агәыҳалалратә акциа "Гәыразыла" аҳәаақәа ирҭагӡаны Москва иҟаз "Каданс" аконцерт шымҩаԥысыз, агәыҳалалара азҿлымҳара ахьынӡамаз уҳәа атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит агәыҳалалратә фонд "Ашана" жәларбжьаратәи апроектқәа напхгара рызҭо Есма Ҳагԥҳа.
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит амцарцәагатә машьынақәа русуразы ԥынгылақәас иҟоу атәы.
Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Кан Кәарҷиа мчыбжьыктәи аинспекциа аҳәаақәа ирҭагӡаны иахьа игәеиҭеит аҳҭнықалақь аҟны иҟоу аҩнеихагылақәа рышҭақәак, амҩадуқәа, даҭааит Аџьармыкьа хада. Уи аԥхьа аилацәажәара мҩаԥигеит аҳҭнықалақь ахԥатәи аҩнусбарҭаҟны.
Аԥсуа телехәаԥшра амҩаԥгаҩ-аредактор Лана Аԥшьлааԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ателехәаԥшраҟны аусура дшалагаз, уи лара лзы ҵакыс иамоу.